АҞӘА, цәыббра 27 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара ахатә баланс ахь астадион "Динамо" агара иазыхиоуп, уи аныҟәгара иадҳәалоу ахарџьқәагьы зегьы надкыланы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Ешба иажәақәа рыла, астадион азҵаара иахәаԥшуеит Аминистрцәа Реилазаара иааиуа аилатәараҿы.
Ахәаша, цәыббра 25 рзы астадион аҿы имҩаԥысуан Аԥсни Донецк жәлар рреспубликеи ркомандақәа рыхәмарра. Аматч аанкылатәхеит, избан акәзар аҩбатәи азбжа алагамҭазы астадион аҟны алашара ыцәеит.
2018 шықәсазы Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа инапы аҵаиҩит аусдҵа Аинвестпрограммала иргылаз, ма еиҭашьақәыргылаз аспорттә обиектқәа анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рбаланс ахь радкыларазы ҳәа, абри астадионгьы уахь иналаҵаны. Уи аусдҵа инақәыршәаны, астадион "Динамо" Аҟәа ақалақь ахадара абаланс ахь иаднакылар акәын.
Астадион "Динамо" аргылара иалагеит 2012 шықәсазы, ихыркәшан 2014 шықәсазы. Аргылара иақәхарџьын 658 миллион мааҭ. Астадион ҿыц "Динамо" аҟны раԥхьатәи аофициалтә хәмарра мҩаԥысит 2015 шықәса, нанҳәа 27 рзы. Аҟәатәи астадион "Динамо" 4300-ҩык ауаа рҭыԥ амоуп.