АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҟны акоронавирус ззышьақәыргылаз даҽа пациентк иԥсҭазаара далҵит, абас ала, Аԥсны иахьаҵанакуа 11-ҩык COVID-19 зыҟны иаарԥшыз рыԥсҭазаара иалҵхьеит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Цәыббра 27 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара далҵит 62 шықәса зхыҵуаз COVID-19 зцәа иалаз апациент, уи цәыббра 23 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ареанимациа аҟәша дҭашәеит иԥсыԥ алагаҩагара ицәыуадаҩны, уи зыхҟьаз ирԥҳақәа рыҩбагьы ҩганктәи асубтоталтә полисегментартә гәыҵәкра ахьимаз акәын. Уаанӡа иара мчыбжьык еиҳаны аҩны иҽихәышәтәуан, аха иҭагылазаашьа аныбааԥсха, ахәышәтәырҭахь днаргеит, уа иара арԥҳақәа аҳауарҭарсга (ИВЛ) изышьақәыргылан, аха, иахәҭаз ацхыраара шизыҟарҵозгьы, уи иԥсҭазаара далҵит иԥсыԥлагаҩагара аҽахьаруадаҩызи игәеисра аԥсыҽхара иахьаҿызи иахҟьаны. Иара убас апациент иман агәыхь, игәеисшьа шьақәҟьаны иҟан", - ҳәа аанацҳауеит аоперштаб.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоровирустә инфекциа рылоу ирыламу азы агәаҭарақәа ирхысит 92-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәыргылоуп 35-ҩык.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 116-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 108-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык, иҭҩаауп 7-ҩык.
Зыҩны зҽыԥхьакны зҽызхәышәтәуаз рахьтә 52-ҩык ргәы бзиахеит.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>