Sputnik
-Раԥхьаӡа инаргыланы, иаҳҭахуп иҵегьы иааигәаны Гиульџьан лабадырра, Ҭырқәтәыла дахьынхо, илыԥсҭазаашьоу уҳәа. Ҳара иаҳдыруеит бара Аԥсны заҟа бгәы азыбылуа, уи иазыбкуеит ашәақәагьы. Уажәааигәа Ражден Гәымба ихьӡ зху афилармониаҿы бықәгылара ахәаԥшцәа гәахәара дуӡӡала ишрыдыркылоз ҳбон. Даҽа зныкгьы бхы ҳардыр.
- Сиит сара Сҭамԥыл ақалақь аҟны, адыга жәлар сырхаҭарнакуп. Ҭырқәтәыла сшынхозгьы сҭаацәа ҳмилаҭтә хдырра сыларааӡеит, убри алагьы исызҳауан. Сҭампыл акультурақәа рацәаны иахьыҟоу қалақь дууп. Аиаша шәҭахызар, урҭ рыбжьара адыгаа, аԥсуаа, Кавказ акультура зегь раасҭа илахҿыху, иалукааша культуроуп, ԥсҭазаароуп. Ҳара зыԥсадгьыл иаҟәыганы адунеи мчыла иаларыԥсаз жәларык ҳауп. Ҳкультура, ҳмилаҭтә ҟазшьа, ҳлеишәа даара бзиа избоит, ҳаҭыр ақәысҵоит, сахӡыӡаауеит. Сыԥсҭазааратә мҩа аҟазара иадҳәаланы ианалсхуаз, зегь раԥхьа исыргылозгьы ҳмилаҭҭә культура аӡыргара, ацхыраара аҭара, егьырҭ амилаҭқәа рҟынӡа анагара ауп. Сара иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ԥшьба срылгахьеит, аҵыхәтәаны сзылгаз аконсерваториа ауп, уи анаҩс адиссертациа сыхьчеит. Ҳбызшәала адунеи еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟны, еиуеиԥшым амилаҭқәа рбызшәала ашәақәа насыгӡоит. Адыга, аԥсуа бызшәақәа рыла ашәақәа рынагӡара саналага нахыс, убас еиԥш ацәанырра соуит адунеи зегь аҟны ираҳароуп, ирдырроуп ҳәа. Иара убасҟан ҭоуба зуит адунеи ажәларқәа зегьы ҳбызшәала ашәақәа дырҳаны , ҿырҳәала ирҳәо иҟасҵоит ҳәа. Аигәа Куба сыҟан, Франциа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны аума, сахьнеиуазаалак, раԥхьа ҳара ҳашәақәа сҳәоит, убри алагьы ихсыркәшоит сықәгыларақәа. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада идикылаз аусԥҟала Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа сахьырԥхьаӡаз, аҭакԥхықәра ду сыднаҵоит, иара уи алагьы схаҿра снапаҟны иаазгазшәа сгәы иабоит, даҽазнык сиизшәа схы сыԥхьаӡоит.
Ашапсыӷ шәаҳәаҩы Гиульџьан Алтан арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу шәазыӡырҩы абра>>
-Аԥсуа-адыга музыка егьырҭ амилаҭқәа рмузыкақәа излареиԥшым арбану? Уи бара иахьбызгәакьоу азы иалыбкаауама, мамзаргьы даҽа ҟазшьакгьы бзамоу?
- Ауаҩы изгәакьоу, ҳәарада, еиҳа еиӷьны иныруеит, игәҭыхақәа еиҳа ииашаны рҳәашьа дақәшәоит. Кавказтәи ашьхақәа рдоуҳа, ҳара ҳаԥсабара, ҳшьа-ҳда иалоуп, иаҳҭаху иаҳҭахым. Амелодиақәа реиҿартәашьа атәы ҳҳәозаргьы, егьырҭ амилаҭқәа рмелодиақәа иреиԥшымкәа ишьақәгылоуп. Атәымџьара сцаны схатәы бызшәала ашәақәа анынасыгӡо, азыӡырҩцәа даҽакала ирныруеит, даҽакала ирыдыркылоит. Ари уамашәа иубаша, угәы шьҭызхуа акоуп.
- Ишԥеилкаатәу ажәа "даҽакала"? Еиҳа еиӷьны аума иаанаго?́
- Даҽакала ирыдыркылоит зысҳәаз убри ауп, схатәы бызшәала инасыгӡо ашәа иамоу адоуҳамч еилыркаауашәа сгәы иабоит.
- Бара бмилаҭтә культура гәакьа адунеи аҟны аӡыргара, аларҵәара бнапы алакуп. Уи аус аҟны Ҭырқәтәыла аԥынгылақәа бызцәырҵуама?
- Ҭырқәтәыла ахи-аҵыхәеи еиуеиԥшым аетникатә гәыԥқәа еиланхоит. Аха урҭ рыбжьара ауадаҩрақәа цәырҵӡом, досу имилаҭтә культура аӡыргара дақәиҭуп. Саргьы саагылазар аԥсышәала ашәақәа сҳәоит, иахьабалак сықәгылоит, аӡәгьы дысԥырхагамхаӡац. Агәра ганы сыҟоуп ауаҩы агәаҳәара имазар, иҿаԥхьа амҩақәа зегьы шаатуа.
- Аԥсны шԥаббеи, ҩаԥхьа арахь аара бҭахума?
- Сара жәашықәса раԥхьа Аԥсны сыҟан, ажәала аҳәара цәгьоуп усҟан сцәа ианыруаз агәырӷьара. Аԥсуа жәлар реиԥш аԥсуа дгьылгьы ижәытәӡатәиқәоу иреиуоуп, уи цәгьала ибзианы исныруеит ари адгьыл сшьапы анықәсыргылалакь. Сара арантәи санцо, еснагь исҳәоит сгәы абжа Аԥсны иааныжьны сааит ҳәа. Жәашықәса раахыс еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ирыхҟьаны арахь сзымааӡеит. Уажәтәи саарала жәашықәса раахыстәи схьаа хысҽит ҳәа сгәы иаанагоит, исцәыӡны иҟаз сгәы азбжак еиҭа исзыхынҳәит ҳәа исыԥхьаӡоит.
- Бара башәа аԥсшәахь Оқтаи Чкотуа еиҭеигеит. Убри аҟнытә, еиҭабҳәар ҳҭахын ари ашәа шииз, насгьы аҟазараҿы шәусеицура шышьақәгылаз.
- Ҵыԥх аиааира амш аламҭалазы аԥсуа хеидкылақәа рфедерациа аҟынтәи аделегациа сзааит. Ҳаицәажәараҿы урҭ ажәалагала ҟарҵеит Аиааира 25 шықәса ахыҵра ахьӡала маршк аԥысҵаразы. Аиашазы, сара ари аҩыза аидеиа уи аԥхьагьы исызцәырҵхьан аҟнытә, ақәшаҳаҭхара уадаҩмызт. Ҳәарада, ари аус аҭакԥхықәра ду ацын, исылшарымашь ҳәа даараӡагьы схы сҭанархәыцит, агәҭынчымра сызцәырнагеит. Амарш аҩра ҩымз саҿын, ҭырқә бызшәала. Хымԥада, ари ашәа аԥсуа жәлар риааира иазкуп аҟнытә, аԥсшәахь еиҭагатәхеит. Уи аус баҩхатәра ҳаракыла инаигӡеит Оқтаи Чкотуа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсуаа ақәа шыларышьҭыз, ма амҳаџьырцәа Ҭырқәтәыла Ацуныҳәа шыддырбаз
-
Мчыла зыԥсадгьыл иахырцо есымша ахынҳәра дашьҭоуп