Узбекистан атәылауаа раԥхьатәи ргәыԥ жьҭаарамза алагамҭазы Аԥсны нрыжьыр рылшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд миграционной службы
Рейд миграционной службы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
400-ҩык инарзынаԥшуа Узбекистан атәылауаа Аԥснынтәи рыԥсадгьыл ахь изцом аурыс-аԥсуа ҳәаа аҳәаанырцәуаа рахысраан иҟоу аԥкырақәа инарымаданы.

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Узбекистан атәылауаа раԥхьатәи ргәыԥ жьҭаарамза алагамҭазы Аԥсны нрыжьыр рылшоит. Актәи агәыԥ ахь иаҵанакуеит аҳәса, зцәа зтәым, ахәыҷқәа, абыргцәа ҳәа аанацҳауеит ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аоперативтә штаб.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала 400-ҩык инарзынаԥшуа Узбекистан атәылауаа, Аԥсны аҵакыраҿы иҟоу, Урыстәыла иҟоу рреспублика Ацҳаражәҳәарҭахьи Ростов-на-Дону иҟоу Аконсулра хада ахьи аҳәара ҟарҵеит рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәраҿы ирыцхраарц.

Узбекистан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азыҳәа нанашьҭит урыстәылатәи аган ахь ртәылауаа азин рырҭарц аҳәаа ахысраан.

Иазгәаҭоуп Узбекистан егьырҭ атәылауаа рыԥсадгьыл ахь ахынҳәраз азин роуеит урыстәылатәи аган азин шыҟанаҵалак ҳәа.

Официалла аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра азин рымоуп Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа реиԥш, Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа руааԥсыреи, уа инхо Украина ауааԥсыреи. Егьырҭ аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәа ртәылауаа аҳәаа ахысра азин рымам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0