АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп даҽа 57-ҩык иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки игәаҭаз 248-ҩык рахьтә ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 145-ҩык пациент, урҭ рахьтә 127-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 55-ҩык. Ахәышәтәырҭа иҭҩаауп 19-ҩыкапациентцәа.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>