Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Миқаа Гал абираҟ зыблыз изы: иус мариахаӡом

© Foto / предоставлено Эриком Микая Эрик Микая
Эрик Микая  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ахадара апресс-маҵзура аиҳабы Ерик Миқаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аԥсуа бираҟ араион аҟны изыблыз иганахьала ашьаус шхацыру, аҭыԥантәи ауааԥсыра ари ахҭыс шрыдыркылаз атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Миқаа Гал абираҟ зыблыз иус иазкны

Цәыббра 30 рзы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит Гал араион аҿы аԥсуа бираҟ амца азыркыз ауаҩы даанкылоуп ҳәа адырра. Араион иқәынхо Иракли Бебуа Гал Акультура ахан аҿаԥхьа икнаҳаз Аԥсны абираҟ аԥшшәқәа символра рзызуаз аш амца ацразҵаз иганахьала ашьаус хацыркуп.

"Уажәы 30 мшы ҳәа макьана ддырбаанадаҩит административтә закәанла, уи ашьҭахь ишахәҭоу иус ӡбахоит. Иара иус мариахаӡом, избанзар хԥа-хәба рҟынӡагьы ашьауӷатә хәҭаҷқәа еилеигеит ҳәа сгәы иаанагоит, иара ус иагьыҟоуп", - иҳәеит Миқаа.

Иара иазгәеиҭеит араион аҟны инхо рыбжьара ацәгьара ҟазҵаз ишахәҭоу дахьырхәтәуп ҳәа зҳәаз шмаҷым.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0