00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аремонттә усурақәа инарыдҳәаланы атроллеибусқәа рмаршрут еиҭакхоит

© Sputnik / Илона Хварцкия Троллейбусный парк
Троллейбусный парк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә транспорт, ҷыдала атроллеибусқәа рмаршрут "Араион ҿыц - аџьармыкьа" "Араион ҿыц – Ажәытә ҳабла" аграфик рыԥсахуеит, Абазақәа рымҩа аремонт ахьазыруа азы.

АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Абазақәа рымҩаҟны акоммуникациақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа инарыдҳәаланы Араион ҿыци Ажәытә ҳаблеи рахь ицо атроллеибусқәа ныҟәаӡом жьҭаара 6, 8 рзы ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Атроллеибустә усбарҭа анџьныр хада Енвер Чамагәуа.

Чамагәуа иажәақәа рыла, амаршрут аԥсахра ада ԥсыхәа ыҟам. Атроллеибустә цәаҳәақәа знысуа Абазақәа рымҩаҿы уажәы аусурақәа мҩаԥысуеит. Амҩа аркуп, ауаажәларратә транспорт ишьақәыргылоу амаршрут ала иныҟәаӡом.

"Уажәы ҳусбарҭаҿы атроллеибусқәа рмаршрут аграфик рыԥсахуеит. Аремонтқәа рышьҭахь атроллеибусқәа Турбазанӡа ицалоит, аха уи азы ацәаҳәа ҿыцқәа мҩаԥгатәуп. Уахи-ҽни аус аауеит", - иҳәеит Чамагәуа.

Атроллеибусқәа №1, №3 Аҟәатәи аџьармыкьаҟынтәи Турбаза араион аҟынӡа инеины уантәи Араион ҿыци Ажәытә ҳаблеи рахь игьежьуеит амаршрут ҿыц еиҿкаахаанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0