Гагра иҭҟәаны ишьыз аԥсуа еибашьцәа ргәалашәаразы ахаҳә шьақәыргылан Жәаҩакәара

© Foto / Музаффар Останов Открытие памятника в Жоэкваре
 Открытие памятника в Жоэкваре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аӷа имацәаз ианҭакыз иҭҟәаны аӷацәа ԥсышьацәгьа ззыруз аԥсуа еибашьцәа ргәалашәаразы ахаҳә шьақәыргылан Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны жьҭаара 6 рзы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Гагра араион аӷа инапаҵаҟа ианыҟаз, аԥсуа еибашьцәа жьҭаарамзанӡагьы аиҿахысрақәа, ажәыларақәа мҩаԥыргон. Амчқәа ахьеиҟарамыз инамаданы аоперациа хаданӡагьы ҳганахьала аԥсҭбара ҟалон. Имаҷҩымызт ихәны аҭҟәара иақәшәозгьы. Урҭ рыԥсы шҭаз, ақырҭцәа Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны ирҳәацәаны, гыгшәыграла иҭадырхон.

Убасҟан, аиҩхаа алаларҭаҟны инхоз аурыс бырг Николаи иԥшәмаԥҳәыс Евдокиеи Губариоваа лабҿаба ирбеит автомат ала иреихсуа, рыԥсахәага шҭаз абылтәы рықәҭәаны амца шрыцрарҵоз. Аԥҳәыс уи иахырҟьаны лыпсихика кәадахеит. Николаи иакәзар, изыгәаӷьуамызт ишьыз рыԥсыбаҩқәа ус рааныжьра. Дкылԥшны, ақырҭцәа цазшәа анибалак, абнатә ԥстәқәа рылакьысаанӡа аԥсцәа ижуан.

"Снапала быжьҩык анышә иамаздеит. Руаӡәы ибзианы издыруаз Аркади Пасаниа иакәын", - игәалашәоит иахьа 85 шықәса ирҭагылоу Николаи Губариов.

Абырг иажәақәа рыла, аҭҟәацәа ргәаҟны рыԥсҭазаара иалызхуаз анаркоманцәа ракәын. Аԥсыжразы даннеиуаз зехьынџьара агәырқәа иԥыхьашәон.

Гагра аӷа даналцаха, Николаи Губариов аҭаацәарақәа аԥсыҵхра анымҩаԥыргоз дрывагылан, идирбон доусы анышә дахьамаидаз.

Иахьа, жьҭаара 6 рзы, Гагра араион ахақәиҭтәра амш аҽны, Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны гыгшәыграла ишьыз аибашьцәа Вадим Чамагәуеи, Аркади Пасаниеи, Григори Гәынбеи, Георги Ҳалуашьи, Витали Ақырҭааи, Нодар Адлеибеи ргәалашәара ахьӡала араҟа иаартын ахаҳә.

© Foto / Музаффар ОстановГагра иҭҟәаны ишьыз аԥсуа еибашьцәа ргәалашәаразы ахаҳә шьақәыргылан Жәаҩакәаратәи аиҩхааҿы
Гагра иҭҟәаны ишьыз аԥсуа еибашьцәа ргәалашәаразы ахаҳә шьақәыргылан Жәаҩакәара - Sputnik Аҧсны
Гагра иҭҟәаны ишьыз аԥсуа еибашьцәа ргәалашәаразы ахаҳә шьақәыргылан Жәаҩакәаратәи аиҩхааҿы

 

 

Ашәҭшьҭаҵара аофициалтә церемониа иалахәын аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, араион Ахадара.

"Абраҟа ишьыз ҳашьцәа еиҳабацәа иахьа рыԥсы ҭаны иҳавагылазҭгьы, ирылшоз рацәахон Аԥсны ԥхьаҟа агараҿы. Рыуацәеи рҭынхацәеи шәахь схы нарханы ишәзеиӷьасшьоит рымшра шәзынхарц, агәра шәсыргоит арҭ аҵеицәа хьӡырҳәагақәа рыхьӡ кашәара шақәым", - иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.

© Foto / Музаффар ОстановАхаҳә аартра ацеремониа иалахәын Гагра араион Ахадареи, Араионтә еизареи, аветеранцәеи, иҭахаз рҭаацәеи, ауаажәларреи
Гагра иҭҟәаны ишьыз аԥсуа еибашьцәа ргәалашәаразы ахаҳә шьақәыргылан Жәаҩакәара - Sputnik Аҧсны
Ахаҳә аартра ацеремониа иалахәын Гагра араион Ахадареи, Араионтә еизареи, аветеранцәеи, иҭахаз рҭаацәеи, ауаажәларреи

 

Иара убас ахаҳә аартра иалахәыз Николаи Губариов иахь ихы нарханы аџьшьара ииҭеит ихатә ԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, ақырҭцәа дызҿыз иҵхны ишишьҭашәарацозгьы аԥсуа еибашьцәа рыԥсыбаҩ рҭаацәа рзы иахьеиқәирхаз. Гагра араион Ахадара рыхьӡалагьы ианеишьеит аԥаратә ҳамҭа. Николаи Павел-иԥа Гагра араион аӷа имацәаз ианҭакыз иааирԥшыз агәымшәаразы Аԥсны атәылахьчара аминистрраҟнытә ианашьан амедал. Гагра Араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба аҳаҭыртә шәҟәы иаҭәеишьеит.

Гагра араион ахақәиҭтәра иалахәыз Нодар Адлеиба Ԥсахара ақыҭан аӷацәа иҭадырхаз БРДМ дақәтәан. Иара иҭаацәа аибашьыгатә машьына дҭаблит ҳәа, иитәны ирбаз абласаркьа уҳәа маҭәарқәак ганы иржит. Аамҭакы ашьҭахь ауп ианеилыркаа уи иԥсыбаҩ Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны ишблыз.

© Foto / Музаффар ОстановГагра иҭҟәаны ишьыз аԥсуа еибашьцәа рҭынхацәа
Гагра иҭҟәаны ишьыз аԥсуа еибашьцәа ргәалашәаразы ахаҳә шьақәыргылан Жәаҩакәара - Sputnik Аҧсны
Гагра иҭҟәаны ишьыз аԥсуа еибашьцәа рҭынхацәа

Ахаҳә аартра иаҭааз аибашьҩы иашьа гәакьа Анзор Адлеиба ари агәалашәаратә ус иахаҵгылаз Гагра араион Ахадареи, Араионтә еизареи, ауаажәларреи иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Раԥхьаҟа аҭынч ԥсҭазаареи, анасыԥ лашеи рзеиӷьеишьеит.

"Иахьа, абри аҭыԥ аҿы ахаҳә анызба, ҩаԥхьа ацәыӡ иацу ахьаа снырит. Саҭашәымҵан, аха сылаӷырӡ сзынкылом. Ари нахыс Аԥсны абзиарақәа ҟалааит. Ахысра ҟалозаргьы аԥа иира иазкхааит", - лҳәеит аиҩхааҟны иҭархаз Аркади Пасаниа иԥшәмаԥҳәыс Аза Лакәарԥҳа-Пасаниа.

Жәаҩакәаратәи аиҩхааҟны иргәаҟны ишьыз аибашьцәа ргәалашәара иазкны ишьақәыргылоу ахаҳә иахьанахыс даҽа ҭоурыхтә хҭыск арҵабыргуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0