АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аԥсны аҳәаанырцә ицаз урыстәылаа рхыԥхьаӡарала аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит агеографиатә ҭагылазаашьа азы. Актәи аҭыԥ аҿы иҟоу Ҭырқәтәылоуп. Бжьаратәла арҭ атәылақәа рҿы дара рыԥсы ршьоит 12-12 мшы.
Аналитикцәа рдыррақәа рыла, урыстәыла ртәыла аҩныҵҟа рныҟәара агеографиа дырҭбааит. Убри аан Урыстәыла зыԥсы зшьаз, аха зрегион инҭыҵыз рхыԥхьаӡара 9% рыла еиҵахеит сынтәа.
Аԥсшьараз еиҳа иалкааз аҭыԥқәа— Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Москва, Санкт-Петербург сынтәа ирҭааз рхыԥхьаӡара 20% рыла еиҵахеит. Баикали Алтаии рҟынгьы апандемиа иахҟьаны аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара 6% рыла еиҵоуп ҵыԥх аасҭа.
Урыстәылаа бзиа ишырбац ирбоит Башкортостан, Татарстан, Ростовтәи аобласт, Ставрополие.
Бжьаратәла рыԥсшьара аамҭа жәеиза мшы рҟынӡа артәоит.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа атуристцәа рзы ԥшьымз инарзынаԥшуа иаркын. Аԥкырақәа аԥыхын нанҳәа 1 азы.