Искандер имотивқәа рыла: VI-тәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аадыртит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукФестиваль стоянка человека
Фестиваль стоянка человека - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" Аԥсны имҩаԥысуеит 2015 шықәса раахыс.

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жьҭаара 7 рзы иаатит Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа".

VI-тәи афестиваль традициа ҳасабла иаартын Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы. Уажәы асасцәа ирԥылон  абжьааԥнеиԥш акәымкәа асабардақәа рҿаҵаны, арзҩыдагақәа рыманы. Ахыхьчаратә уснагӡатәқәа акыр инарҵауланы ирышьклаԥшуан.
Афестиваль аартын раԥхьаӡа акәны идырбаз Аслан Галазов икиносахьа "Чик ихәыҷра" ала. Акиносахьа ҭыхын Аҟәа.

Эльвира Арсалия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арсалиаԥҳа Фазиль Искандер ифестиваль азы: имҩаԥысуеит, уи жәабжь бзиоуп

Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи афонд анапхгаҩы Шьазина Агрԥҳа иазгәалҭеит афильм асценари ашәҟәыҩҩы ихаҭа дшаԥхьахьаз, иагьшигәаԥхаз.

Афестиваль асасцәа аԥсшәа раҳәо РУСДРАМ адиректор Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит Фазиль Искандер "азҵаарақәа жәпакы рҭак шыҟаиҵоз".

"Иахьа убасеиԥш аамҭоуп – уааҭгыланы уанхәыцша, аԥсҭазаара аҽакала уанахәаԥшыша. Аамҭа унахыҳәҳәарц азы алитература уазхьаԥшроуп. Фазиль Искандер иҩымҭақәа шәзаатыр, атекст аԥхьара шәалагар, аԥсҭазаарагьы аҽакала ишәыдышәкылоит. Еиҳа иласны, ицқьаны ижәбо шәҟалоит. Искандер – антидепрессантуп, дарбанызаалак ауаҩы изы дхәарҭоуп", - ҳәа иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукГенеральный директор Русского театра драмы Ираклий Хинтба
Искандер имотивқәа рыла: VI-тәи афестиваль Ауаҩы игыларҭа аадыртит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Генеральный директор Русского театра драмы Ираклий Хинтба

Афестиваль аартра далахәын акультура аминистр Гудиса Агрба.

"Ҳара гәыкала ҳаигәыӷуеит ԥхьаҟагьы афестиваль мҩаԥаагалап ҳәа, уи еиҳагьы аҽарҭбаап ҳәа. Акультура аминистрра иалшо зегь ҟанаҵалоит абри апроект хазына анагӡаразы", - ҳәа иҳәеит иара.

Афестиваль аҩбатәи амш азы имҩаԥгахоит астол гьыжь, ахԥатәи амш азы – Аҟәатәи ақәыԥшцәа рыҩнаҿы имҩаԥгахоит ахәыҷтәы сахьаҭыхратә еиндаҭлара "Аҳа иалху ашәырӡ".

Фазиль Искандер, 1980 шш. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа мацара даҳтәымызт: Фазиль Искандер изкны

Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" Аԥсны имҩаԥысуеит 2015 шықәса раахыс.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп ароман "Сандро Чагьамтәи" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа), аепос " Чик ихәыҷра", аповест "Ажьақәеи арқьымаҭқәеи", аессе-диалог "Урыстәыла иазхәыцуеи америкауаҩи", аповестқәа "Ауаҩи уи икәша-мыкәшеи", "Апоет", "Ауаҩы игыларҭа", "Софичка", ажәабжьқәа "Геракл ажәахатәи ифырхаҵара", "Алагамҭа" уҳәа егьырҭгьы.

Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегь рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0