АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы акомпиутертә томографиа аппарат аусура иаҟәыҵит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра афармациа аҟәша аиҳабы Ахра Аџьба.
"Анџьнырцәа аппарат аҿаркит, аусура иаладыргеит, ҽнак-ҩымш аус бзианы иауан. Анаҩс иара агхақәа ҟанаҵо иалагеит, уаҳа ус аусура алшомызт. Усҟан анџьныргьы дцахьан, даҽазнык дааҳаԥхьар акәхеит, иара аԥсшьарамшқәа рзы даауеит, ашәахьаҽны аппарат арҽеира далагоит", - иҳәеит Аџьба.
Иара убасгьы иара иҳәеит акомпиутертә томографиа аппарат аус ахьынӡамуа, аҭыхымҭақәа еиҭаҵуа арентген-аппарат ала ишыҟарҵо.
Акомпиутертә томографиа аппарат Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадахьы инаргеит цәыббра 2 рзы. Уи аанахәеит аԥсуа наплакцәа рхеидкыла "Ҳара ҳаӡәыкуп".
Жьҭаара 8 рызтәи аҭагылазаашьала, Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы 112-ҩык акоронавирус ззышьақәыргылоу апациентцәа шьҭоуп, урҭ рахьтә рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-а, 55-ҩык рҭгылазаашьа бжьаратәуп.
Иара убас, жьҭаара 8 рызтәи аҭагылазаашьала, Аԥсны иахьаҵанакуа иаарԥшу акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 2071-ы ыҟоуп. Ргәы бзиахеит 811-ҩык, 19-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>