АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхыжьын 238-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәыргылоуп 87-ҩык ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 175-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 147-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 21-ы, ибжьаратәуп - 26-ҩык, илҩаауп 10-ҩык апациентцәа.
Зынӡа Гәдоуҭатәи агоспиталь ҩымш рыла иҭашәеит 12-ҩык ачымазаҩцәа.
Згәы бзиахаз рхыԥхьаӡара, аҩны зҽызхәышәтәуаз убрахь иналаҵаны, 1087-ҩык ыҟоуп
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>