Амилициа атранспорт аҿы аԥкрақәа ишрықәныҟәо гәарҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте
Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа хылаԥшра арҭоит акоронавирус иахырҟьаны ауаажәларратә транспорт аҟны аԥкратә уснагӡатәқәа шцо. Апассаџьырцәеи атранспорт арныҟәаҩцәеи уи шрыдыркылои амилициаа ирылшои Sputnik аматериал аҿы.

Аԥсны акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы жьҭаара 5 рзы аԥкрақәа алагалан. Жьҭаара 15 рзы ахада Аслан Бжьаниа аԥкырацҵақәа рзы иусԥҟа амчра аиуит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Амилициа аусзуҩцәа макьаназы аилыркааратә усурақәа мҩаԥыргоит. Профилактикак аҳасаб ала рреид хацдыркит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аангыларҭаҟынтәи.

Амашьынарныҟәцаҩцәа ргәырҽанымызт агәараҭарақәа ҟалоит ҳәа. Автобуск аҟны ауаа рныҟәгашьа аԥҟарақәа ирықәшәо иҟамызт. Азинхьчаҩцәа агәра ддыргон уажәшьҭарнахыс ишахәҭоу еиԥш рхымҩаԥгашьа шеиҿыркаауа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАмилициа аусзуҩцәа амашьынарныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи аԥкрақәа ирықәныҟәарц рабжьыргоит
Амилициа атранспорт аҿы аԥкрақәа ишрықәныҟәо гәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Амилициа аусзуҩцәа амашьынарныҟәцаҩцәеи апассаџьырцәеи аԥкрақәа ирықәныҟәарц рабжьыргоит

Амилициауаа ракәзар, арахь напыҭацәыла имааит. Асабрадақәа змамыз ишаны ирырҭон.

Апассаџьырцәагьы аԥҟара ҿыцқәа рықәныҟәара рацәак ргәы ахым: асабрадақәа ныҟәызго рацәаҩызар, атәарҭақәа рыԥҟарақәа ирықәшаҳаҭым. Машьынаныҟәцаҩык иҳәеит агәҽанызаара аҭахуп ҳәа уҳәар аҭакс "агәра згом" ҳәа уарҳәоит ҳәа.

"Иахьатәи аамҭа уадаҩ азы асабрадақәа рныҟәгара хымԥадатәиуп. Есыҽны заҟаҩ чмазаҩхо атәы ануаҳалак, ушәап. Ахыԥхьаӡара еиҳамхозар иеиҵахом. Хымԥада асабрадақәа ныҟәгалатәуп, арзҩыдагақәа ахархәара рыҭалатәуп", - ҳәа лҳәоит астудентка Алина.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵаратә процесс мҩаԥысуеит асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны
Амилициа атранспорт аҿы аԥкрақәа ишрықәныҟәо гәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵаратә процесс мҩаԥысуеит асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны

Ареидқәа ауаа рацәа анныҟәо аамҭазы имҩаԥыргоит.

"Ауаажәларратә транспорт акоронавирустә инфекциа алазырҵәо ируакуп. Атранспорттә хархәагақәа шамахамзар еснагь иҭәуп, иҷыдоу аԥҟарақәа шыҟоугьы. Апассаџьырцәа роума арныҟәцаҩцәа роума хырыҩ азыруеит ироуҳәо. Ҳара иаҳуалу урҭ аҭагылазаашьа шшәарҭоу реилыркаароуп", - ҳәа иҳәоит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба.

© Sputnik / Томас ТхайцукАмилициа аусзуҩцәа ауаажәларратә транспорт иҭаланы ауаа шҭатәоу гәарҭоит
Амилициа атранспорт аҿы аԥкрақәа ишрықәныҟәо гәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Амилициа аусзуҩцәа ауаажәларратә транспорт иҭаланы ауаа шҭатәоу гәарҭоит

ААУ аҟынтәи амилиционерцәа Аҟәатәи аџьармыкьахь ииасит. Ара ауаа еснагь ирацәаҩуп. Амашьынақәа шамахамзар иҭәны иқәҵуеит.

Аҭагылазаашьа ауниверситет аҟны аасҭагьы еицәоуп. Арныҟәцаҩцәа руаӡәк аҿыцԥҟарақәа рҭакс иҳәоит рхарџьқәа ырацәахо, "бжарҭәыла феида ҳзалаӡам аныҟәара" ҳәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар идҵала асанитар-епидемиологиатә нормақәа рпрофилактиказ ауснагӡатәқәа ауаажәларратә транспорт аҿы имҩаԥыргалоит есыҽны ареспублика араионқәа зегьы рҿы.
Амилициа атранспорт аҿы аԥкрақәа ишрықәныҟәо гәарҭоит - Sputnik Аҧсны
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар идҵала асанитар-епидемиологиатә нормақәа рпрофилактиказ ауснагӡатәқәа ауаажәларратә транспорт аҿы имҩаԥыргалоит есыҽны ареспублика араионқәа зегьы рҿы.

"Ашәарҭадаратә ԥҟарақәа ҳрықәымныҟәар, зегь чмазаҩхоит, нас иныҟәаагода? Ааԥынразы атранспорт аныҟәара аанаҳкылеит. Уажәгьы иаҭаххар ус еиҭаҟаҳҵар акәхоит", - ҳәа иҳәеит Баҭал Агрба.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар идҵала асанитар-епидемиологиатә нормақәа рпрофилактиказ ауснагӡатәқәа ауаажәларратә транспорт аҿы имҩаԥыргалоит есыҽны ареспублика араионқәа зегьы рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0