Ҳахгьы ҳахьчарц, ҽаӡәгьы ҳиеиҷаҳарц: акоронавирус иаҳзаанагаз ашьцылара

Анапаҵаҩра
Адунеи зегь зымҽхазкыз акоронавирус апандемиа Аԥсны аҿагылоижьҭеи шықәсыбжак еиҳауп. Атәылаҿы уажәы-уажәы еиуеиԥшым аԥкрақәа аларгалалоит. Аԥсны иқәынхои уи асасцәеи ирабжьыргоит ауаа рахь ианцәырҵуа асабрадақәа рҿарҵаларц.

COVID-19 ҳзышьцыланы ҳаҟаз ҳабзазашьа аԥсахит. Ачымазара ҿкы иацәшәаны амедицинатә сабрадақәа зхазҵо иалагаз рацәаҩхеит.

Еиҳарак асабрадақәа зҿоу ауаа уԥылоит ахыбрақәа рыҩнуҵҟа, ажәлар ахьеизо аҭыԥқәа рҿы. Аха иҟоуп апарк аҿы ма аԥшаҳәаҿы ианынеиааиуагьы зынӡа изхызымхуа.

Жьҭаара 13 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа адҵа инапы аҵаиҩит атәылаҿы акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа ралагаларазы. Урҭ инарықәыршәаны, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы амедицинатә сабрадақәа ныҟәыргаларц рабжьыргоит.

Жьҭаара 15 рызтәи адыррақәа рыла, акоронавирустә инфекциа Аԥсны ирыдырбалахьеит 2672-а, ргәы бзиахеит 1175-ҩык, 23-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа аԥшаҳәаҿы иуԥылоит асабрадақәа зҿоу аҭыԥҳацәа
Аҟәа аԥшаҳәаҿы иуԥылоит асабрадақәа зҿоу аҭыԥҳацәа  - Sputnik Аҧсны
1/18
Аҟәа аԥшаҳәаҿы иуԥылоит асабрадақәа зҿоу аҭыԥҳацәа
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Алада Кавказ аҿы Евроеидгыла иҷыдоу ахаҭарнак Тоиво Клаар даниԥылоз
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Алада Кавказ аҿы Евроеидгыла иҷыдоу ахаҭарнак Тоиво Клаар даниԥылоз - Sputnik Аҧсны
2/18
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Алада Кавказ аҿы Евроеидгыла иҷыдоу ахаҭарнак Тоиво Клаар даниԥылоз
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа урҿыԥшыртә иҟоуп. Урҭ алекциақәа раан адагьы, аԥсшьараамҭақәа рызгьы асабрадақәа рҿоуп.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
3/18
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа урҿыԥшыртә иҟоуп. Урҭ алекциақәа раан адагьы, аԥсшьараамҭақәа рызгьы асабрадақәа рҿоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьармыкьаҿы асабрада зҿаны иуԥыло рацәаҩым, аха ари аҭиҩы лыхгьы дазхәыцуеит, даҽаӡәгьы ашәарҭара дҭалыргылом.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
4/18
Аџьармыкьаҿы асабрада зҿаны иуԥыло рацәаҩым, аха ари аҭиҩы лыхгьы дазхәыцуеит, даҽаӡәгьы ашәарҭара дҭалыргылом.
© Sputnik / Томас ТхайцукАџьармыкьа - реиҳа ауаа рацәаны иахьеизо аҭыԥқәа иреиуоуп. Убри азы ароуп еиҳарак ухы уахьеиҷаҳаша.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
5/18
Аџьармыкьа - реиҳа ауаа рацәаны иахьеизо аҭыԥқәа иреиуоуп. Убри азы ароуп еиҳарак ухы уахьеиҷаҳаша.
© Sputnik / Томас ТхайцукАстудентцәа анеицәажәогьы асабрадақәа рҿоуп.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
6/18
Астудентцәа анеицәажәогьы асабрадақәа рҿоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмашьынаргыларҭаҿы аус зуа ахаҵагьы ихы ихьчоит.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
7/18
Амашьынаргыларҭаҿы аус зуа ахаҵагьы ихы ихьчоит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсадгьыл ахьчаҩцәа апандемиа аамҭазы даҽа "џьаԥҳаныкгьы" рзацлеит - амедицинатә сабрада.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
8/18
Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа апандемиа аамҭазы даҽа "џьаԥҳаныкгьы" рзацлеит - амедицинатә сабрада.
© Sputnik / Томас ТхайцукАри ахәыҷы иакәзар, зегь рыла алеишәа ааирԥшуеит - даҽаӡәы иҽизааигәаитәуам, асабрадагьы иҿоуп.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
9/18
Ари ахәыҷы иакәзар, зегь рыла алеишәа ааирԥшуеит - даҽаӡәы иҽизааигәаитәуам, асабрадагьы иҿоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАсабрада авирус адагьы узыцәнахьчо ыҟоуп.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
10/18
Асабрада авирус адагьы узыцәнахьчо ыҟоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфильм "Чик ихәыҷра" аԥхьарбараан еизаз ауаагьы асабрадақәа рҿан.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
11/18
Афильм "Чик ихәыҷра" аԥхьарбараан еизаз ауаагьы асабрадақәа рҿан.
© Sputnik / Томас ТхайцукАзинхьчаҩгьы ҳазҭагылоу аамҭа иашьашәаланы зегь рыла деибыҭоуп.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
12/18
Азинхьчаҩгьы ҳазҭагылоу аамҭа иашьашәаланы зегь рыла деибыҭоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукИршәуи рсабрадақәеи еинрааланы изшәызҵогьы маҷҩым.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
13/18
Иршәуи рсабрадақәеи еинрааланы изшәызҵогьы маҷҩым.
© Sputnik / Томас ТхайцукАпаркқәа рҟынгьы асабрадақәа зҿызымхуа ыҟоуп.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
14/18
Апаркқәа рҟынгьы асабрадақәа зҿызымхуа ыҟоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа телехәаԥшра аоператор "75 лет Победы" ҳәа зну асабрада иҿоуп.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
15/18
Аԥсуа телехәаԥшра аоператор "75 лет Победы" ҳәа зну асабрада иҿоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжурналистцәа асабрадақәагьы рҿоуп, хара-харагьы еидтәалоуп.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
16/18
Ажурналистцәа асабрадақәагьы рҿоуп, хара-харагьы еидтәалоуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАхымҩаԥгашьа иаша уақәшәар, авирусгьы уҵараҵара иаԥырхагахом.
Масочный режим в АГУ - Sputnik Аҧсны
17/18
Ахымҩаԥгашьа иаша уақәшәар, авирусгьы уҵараҵара иаԥырхагахом.
© Sputnik / Томас ТхайцукШахи мати азықәҳаргылап, ҳаиааип акоронавирус.
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
18/18
Шахи мати азықәҳаргылап, ҳаиааип акоронавирус.
Ажәабжьқәа зегьы
0