00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Алитературатә фестиваль "Арифмақәа - Риҵа" онлаин имҩаԥысуеит аԥкрақәа рымшала

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОзеро Рица
Озеро Рица - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Арифмақәа - Риҵа" хықәкыс иамоуп аԥсуеи адыга жәларқәеи рбызшәеи ркультуреи реиқәырхара, Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи рлитераторцәа ҿарацәа реимадара арӷәӷәара.

АҞӘА, жьҭаара 18 - Sputnik. Ахԥатәи аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Арифмақәа - Риҵа" онлаинла имҩаԥысуеит COVID-19 аламырҵәаразы иалагалоу аԥкрақәа рымшала, аха ари аҭагылазаашьа аԥхьарақәа ирылахәу рхыԥхьаӡара иаҳагьы иацнаҵеит лҳәеит апроект автор, апоет Зарина Ҟаныҟәа.

Ҟаныҟәа лажәақәа рыла, афестиваль адыга поет, ҟабарда литература ашьаҭаркҩы Али Шогенцуков диижьҭеи 120 шықәса аҵреи аԥсуа поет Рушьбеи Смыр диижьҭеи 70 шықәса аҵреи ирызкуп.

Аӡиа Риҵа ахықәан имҩаԥган Арифмақәа Риҵа захьӡу алитературатә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
Аӡиа Риҵа ахықәан имҩаԥган "Арифмақәа- Риҵа" захьӡу алитературатә хәылԥазы

Аиҿкааҩцәа иазгәарҭоит афестивальқәа рыбжьара ишымҩаԥысуа арҭ ажәларқәа рмилаҭтә литературақәа рыҭҵаара, раԥҵамҭақәа реиҭагара, ҳаамҭазтәи авторцәа рҩымҭақәа ауаа дырдырра. Нальчик иҭыҵуеит аԥсуа авторцәа рпрозаикатә ҩымҭақәеи ражәеинраалақәеи, Аԥсны иҭрыжьуеит адыга ажәа азҟазацәа рсахьаркыратә текстқәа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет есышықәса ари апрооект иалахәуп. Нальчик еиҿкаау Аԥсуа культура ацентр сынтәа ари апроект апартниорс иҟалеит, иагьаанаԥхьеит Ҟабарда-Балкариа иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рыстудентцәа.

Афестиваль атема иадҳәалоу атекстқәеи авидеои ркьыԥхьуеит иара еиҿызкааз Ҟабарда-балкариатәи ауаажәларратә еиҿкаара "Жан" аофициалтә саит аҟни асоциалтә даҟьаҟни.

Афестиваль "Арифмақәа - Риҵа" Аԥсны аганахьала партниорцәас иҟоуп: Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, ажурнал "Алашара" аредакциа, Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр, Аҟәатәи асахьаҭыхратә училишье.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0