Ахимиатә хьчаразы урыстәылатәи аҟәша COVID-19 аҿагыларазы Аԥсныҟа иааит

© Foto / Минестерство обороны РАДезинфекция в Ткуарчале
Дезинфекция в Ткуарчале - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иааны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагон 2020 шықәса мшаԥымзазы.

АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы ҩаԥхьа иааит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла арратә усбарҭа апресс-маҵзура.

11 автомашьына рыла еиҿкаау Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аколонна Ҟрымтәи адгьылбжьахаҟынтәи Аԥсныҟа иааит 800 километр ирхысны.

Аколлонна аилазаараҿы иҟоуп: Урыстәыла Амшынеиқәатә флот аҟазауаа 30-ҩык. Автомашьынақәа ирылахәуп зхала арзҩыдага ақәызҭәо амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У.

Аԥсныҟа амҩа ианықәлоз автомашьынақәа, амедицинатә хархәагақәа зегьы рҭагылазаашьа гәаҭан, иара убасгьы иҭҵаан аруаа ргәабзиара зеиԥшроу.

Мобильный госпиталь Минобороны России прибыл в столицу Абхазии - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аҟәаҟа иааит

Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аамҭалатәи автопарки арзҩыдара мҩаԥызго атехника аус адуларҭа ҷыда аҭыԥи еиҿыркаауеит. Нас, Аԥсны амедицинатә усзуҩцәеи дареи ахәшьара арҭоит иҟаҵатәны иҟоу аусурақәа рымҽхак, арзҩыдаратә уснагӡатәқәа ирылагоит.

Уаанӡа, Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иааны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагон 2020 шықәса мшаԥымзазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0