Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьалашьаа аекономист Андреи Бӷажәба изы: аӡәы ҳәа Аԥсны узықәгәыӷуаз иакәын

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаур Шалашаа
Заур Шалашаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекономист, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Андреи Бӷажәба иԥсҭазаара далҵит. Аҩыза изы ажәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аекономикатә ҭҵарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа.

Андреи Олег-иԥа Бӷажәба диит Аҟәа 1966 шықәсазы, далгеит Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол, иара убас Москватәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет. Аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет "Аекономикатә теориа" акафедраҟны.

Еицырдыруа ахьыӡқәа: аекономист Андреи Бӷажәба изкны

"Андреи даараӡа дҟәышын, аекономика ҿыц иаланагалоз аԥхьаҟа иҳахәаша ирызҿлымҳаз уаҩын. Иҷыдоу акурсқәа дырзаԥхьон астудентцәа, аиҳабыратә курсқәа рҟны итәаз, разнеишьаҟны дманшәалан, реинаалашьа умбар залшомызт. Ауниверситет анаҩс аус иуан Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҟны. Даара иманшәалан аус ицура, дҭынчӡа, дхааӡа, ахаан дгәамҵуа ҳәа ҳәашьа амаӡам. Иара дызлыҵыз аҵарауаа ду рҭаацәа ауп. Ззанааҭ ламысла, патула иазнеиуаз уаҩын. Аԥсны азы ари цәыӡ дууп, ҳекономика лаҟәны ишыҟоу ала, аӡәык ҳәа узықәгәыӷша уаҩны иҟаз иакәын. Даараӡа угәы унархьуеит иаалырҟьаны иԥсҭазаара дахьалҵыз", - иҳәеит Шьалашьаа.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0