АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иааны ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иазыхиахоит жьҭаара 21 инаркны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла ААО апресс-маҵзура.
"Раԥхьа арзҩыдаратә уснагӡатәқәа нап рылакхоит Гәылрыԥшь араион аҿы. Иазԥхьагәаҭоуп арратә госпиталь хадеи, ахәышәтәырҭеи, аџьармыкьеи рырзҩыдара", - ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.
Аколлонна аилазаараҿы иҟоуп: Урыстәыла Амшынеиқәатә флот аҟазауаа 30-ҩык. Автомашьынақәа ирылахәуп зхала арзҩыдага ақәызҭәо амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У.
Аԥсныҟа амҩа ианықәлоз автомашьынақәа, амедицинатә хархәагақәа зегьы рҭагылазаашьа гәаҭан, иара убасгьы иҭҵаан аруаа ргәабзиара зеиԥшроу.
11 автомашьына рыла еиҿкаау Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аколонна Ҟрымтәи адгьылбжьахаҟынтәи Аԥсныҟа иааит 800 километр ирхысны.
Уаанӡа, Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа аҟынтәи акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иааны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагон 2020 шықәса мшаԥымзазы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ацхыраара ааит: урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсны ишышьақәдыргылаз
-
Аԥсныҟа иааз амобилтә госпиталь 150-ҩык апациентцәа рҟынӡа иаднакылар алшоит