Урыстәылатәи арратә госпиталь раԥхьатәи апациентцәа аднакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов
Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аҟәа, асасааирҭа "Аиҭар" аҟны жьҭаара 19 рзы идыргылеит.

АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәылатәи арратә госпиталь раԥхьатәи COVID-19 змоу апациентцәа аднакылеит ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

В гостинице «Айтар» приступили к организации мобильного госпиталя - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа иааз амобилтә госпиталь 150-ҩык апациентцәа рҟынӡа иаднакылар алшоит

Акоронавирус змоу апациентцәа агоспиталь ахь инаган ацхыраара ласы амашьынала. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь, иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.

Жьҭаара 20 рзы иазԥхьагәаҭоуп хәҩык ачымазцәа уахь рнагара: хҩык Аҟәантәи, аӡәаӡәа Гәдоуҭеи Гагреи рҟынтәи.

COVID змоу раԥхьа адкыларатә ҟәшахьы инаргоит, уа ршьа аҵәыҵәри шаҟа алоу гәарҭоит. Уи ашьҭахь рыцԥхьаӡа рхатә медицинатә шәҟәқәа рзеиқәдыршәоит, ргәабзиара аҭагылазаашьа иаҿырԥшны агоспитальтә ҟәша ма ареанимациатә ҟәшахьы инаргоит.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵоуп акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы.

Аруаа ареспубликахь иааит жьҭаара 19 рзы, иара убри аҽны, агоспиталь аусура хацнаркит асааҭ 16:00 рзы.

Ачымазцәа шьҭаҵахоит асасааирҭа "Аиҭар" ахԥатәи акорпус аномерқәа рҿы, амшьамбаҭарчқәа рҿы адкыларҭатә пункт, алабораториа, арентген-кабинет ҟалоит.

Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылаоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0