АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы авирус змоу апациентцәа ахьышьҭоу апалатақәа рахь еизакрыла аҵәыҵәри анеираз акоммуникациақәа ҟаҵоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра аргылареи аиқәыршәареи русбарҭа аиҳабы Роланд Гамсаниа.
"Уаанӡа ачымазаҩ дахьышьҭоу абаллонқәа нагатәызар, иахьа аҵәыҵәри адәныҟантә, атруба ҷыдақәа рыла апалатахь инеиуа иҟаҵоуп. Асистема даара ибзианы аус ауеит", - иҳәеит иара.
Гамсаниа иажәақәа рыла, агоспиталь аҿы уахыки-ҽнаки рыла 150 - 180 баллон нырхуеит, аха уажәшьҭарнахыс аҵәыҵәри аныхра 30-40 процент еиҵахоит.
Аҵәыҵәри абаллонқәа наргоит Ареспубликатә станциаҟынтә, уа иҟамлар Агәыӡератәи арезервтә станциаҟынтә.
Гамсаниа иҳәеит егьырҭ ахәышәтәырҭақәа рҿы COVID-19 ачымазцәа рзы 5 баллонк еиҳам мышкы рхы иадырхәо. Баллонк ахәԥса 350 мааҭ ыҟоуп. Аԥаразоужьра мҩаԥнагоит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Иахьазы Аԥсны акоронавирус рымоуп – 3739-ҩык. 1462-ҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, 35 ԥсыҭбара ыҟоуп.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>