Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахба асасдкылара иазку ацәыргақәҵа PIR EXPO азы: ухы иаурхәаша адыррақәа урҳауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Ахба
Астамур Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асасааирҭақәа реиҳабацәа реидгыла ахантәаҩы Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Урыстәыла имҩаԥысуаз ацәыргақәҵа "PIR EXPO" дшалахәыз, уи аҟны излацәажәоз азҵаарақәа ртәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахба асасдкылара жәларбжьаратәи аиндустриа иазку ацәыргақәҵа атәы

PIR EXPO- Асасдкылара аиндустриа аҟазацәа рзы Урыстәыла еиҿыркаауа зымҽхак ҭбаау жәларбжьаратәи профессионалтә уснагӡатәуп. Есышықәса уи еизнагоит асасдкылараҟны аԥыжәара змоу арестораторцәеи аԥсшьарҭақәа рнапхгаҩцәеи.

"Атематика бзиоуп излацәажәо ацәыргақәҵаҟны, ҳаԥхьаҟа ахархәара ззуша ауп. Ҳара иахьа иҳамоуп асасааирҭақәа ицәгьамкәа, аха ҳаԥхьаҟа арҿиара ҳәа агәҭакы ҳамазар, аус утәуп. PIR EXPO аҟны еиҳарак акаҳуажәырҭақәа, ахаақәа ахьырӡо, акрыфарҭақәа рхы иадырхәо атехнологиақәа ирылацәажәон, избанзар, асасааирҭа дуқәа рҟны ус еиԥш аҭагылазаашьа аԥырҵоит. Иахьазы иҿыцу алагалақәа рацәоуп, аелектронтә системахь аиагара цоит. Убасгьы ачымазара ҿкы ицәырҵыз инамаданы ашәарҭадара, акомфорт уҳәа раԥҵара иазхәыцуеит атуристтә усхк аҟны. Иахьа ус агәаанагара ҳамоуп, ари аусхк аҟны 20-25 шықәса аус ҳухьазар зегь ҳдыруеит ҳәа, аха уи ус акәӡам, адырра ҿыцқәа ҳарҳалароуп", -иҳәеит Ахба.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵан "Асасдкылара жәларбжьаратәи аимадаразы азанааҭ ҟазацәа рклуб". Уи ахада ихаҭыԥуаҩс далхын Аԥсны асасааирҭақәа реидгыла ахада Асҭамыр Ахба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0