"Еиҭах ҩба": Аԥсны адистанциатә ҵара шымҩаԥысуа

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосковские школьники продолжают факультативные онлайн-занятия
Московские школьники продолжают факультативные онлайн-занятия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса жьҭаара 15 инаркны абҵара 27-нӡа акоронавирус алаҵәара аԥкрази COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара аларҟәрази ареспублика ашколқәа рҿы акарантин рылаҳәоуп.

АҞӘА, жьҭаара 28 – Sputnik. Акарантин аамҭа иацҵахар аҵаратә процесс аиҿкаара уадаҩхоит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

"Иҟоуп асоциалтә ҳақәа рхархәарала ахәыҷқәа адҵақәа рзыназышьҭуа арҵаҩцәа. Ахархәара рырҭоит Zoom, WhatsApp уҳәа егьырҭгьы, аха ус ахархәара зылшо ҩбаҟа процент роуп, егьырҭ 98% алшара рымам. Апрактика иаҳнарбеит онлаин-урокқәа реиҿкаара шыԥсыҽу. Аинтернет ресурсқәа рыла аҵаратә процесс мҩаԥысуеит ҳәа аҳәара ауам", - азгәалҭеит Ҭаркьылԥҳа.

Аҵара Аусбарҭа жьҭаара 26 рзы арҵаҩцәеи дареи реиқәшәара еиҿыркааит акарантин ашьҭахь иарбан ҵаратә формоу имҩаԥыргар алшо аилкааразы.

"Аҵаҩцәа ахьырацәоу ашколқәа рҿы иазыԥхьагәаҭоуп аклассқәа еихшаны аҵаратә процесс амҩаԥгара. Уажәы апрограмма аус адаауылоит. Ҳажәалагала Аҵара аминистрахь инаҳашьҭуеит, ирыдыркылар, уи ала аус ааулоит", - лҳәеит лара.

Дистанционное обучение школьников - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистрра адистанциатә ҵара иазку акциазы: макьаназ адгылара ыҟам

Адистанциатә ҵара апроблема ақыҭа школқәа рҟны акыр иҵарны иқәгылоуп. Уа агаджетқәа змам ыҟоуп, иҟоуп аинтернет ахаҭагьы змам.

Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рырҵаҩцәа адҵақәа WhatsApp ахь инарышьҭуеит избанзар Zoom дара рхаҭақәа ирзыуадаҩуп. Абри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп Гәдоуҭа араион аҿгьы.

"Ус акә, егьыс акә сынтәа адистанциатә ҵара ҳзаларҵәом. Уаанӡатәи арежим ала аус ааулоит. Еиҳа ихадоу амаҭәарқәа иҷыдоу азхьаԥшра роулоит. Ашколқәа рҿы сменала аҵара мҩаԥгахалоит", - лҳәеит Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аиҳабы лнапынҵақәа назыгӡо Светлана Аиԥҳа.

Гагра араион аҿы адистанциатә ҵара ахацыркра азыԥхьагәаҭоуп абҵара 2 инаркны.

"Ҳара ааԥынразы иҳауз аԥышәа ҳхы иаҳархәоит. Ҳраион раԥхьатәиуп абри аганахь ала аусура зҽазԥызшәаз. Усҟан зегь шаҳҭахыз иҟалеит ҳәа аҳәара иашам. Агхақәа рацәан, аха уажәы еиҳа еиӷьны ҳазыҟаҵоуп уҳәар ауеит", - лҳәоит Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны
"Ҳамчқәа азымхар ҟалоит": Анқәаб ауаажәлар аԥкрақәа ирықәныҟәарц иааиԥхьеит

Лара лажәақәа рыла алагарҭатә классқәа рзы ари проблема дууп. Акарантин ашколқәа заҵәык рҿоуп иахьалагалоу. Аҭаацәа аус руеит. Ахәыҷқәа макьаназ ирзеиҿкаауам акомпиутер иадтәаланы аҵара рҵартә еиԥш аҭагылазаашьа. Абри аҩыза агәаанагара имоуп Гәылрыԥшь араион аҵара аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа.

"Аиҵбыратә классқәа рҟны 15-ҩык рҟынӡа ахьыҟоу ашкол ахь иныҟәар алшоит. Урҭ рҵаҩык лоуп ирымоу. Аԥсшьараамҭақәа реивыгара ауеит ахәыҷқәа меинырларц. Сара сгәанала алагарҭатә классқәа асанитартә нормақәа азгәаҭаны аҵара рҵар ауеит", - иҳәеит иара.

2020 шықәса жьҭаара 15 -абҵара 27 рзы акоронавирус алаҵәара аԥкрази COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара аларҟәрази ареспублика ашколқәа рҿы акарантин рылаҳәоуп.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп 3952-ҩык. 36 ԥсыҭбара ыҟоуп. 1474-ҩык ргәы бзиахахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0