Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Голанӡиаԥҳа акоронавирус азы: абыржәгьы агәра зымго хәыҷык ихшыҩ днанамгозар акәхап

© Foto / из архива семьи Какоба-ГоландзияРаиса Какоба-Голандзия
Раиса Какоба-Голандзия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
91 шықәса зхыҵуа Раиса Голанӡиаԥҳа акороновирус лхылгеит. Уи ачымазара дшаиааиз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит.
Голанӡиаԥҳа акоронавирус азы: абыржәгьы агәра зымго хәыҷык ихшыҩ днанамгозар акәхап

"Ашоура ансоу Очамчырантәи аҳақьым (Очамчыратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариаԥҳа-аред.) дааит. Сангәалҭа ашьҭахь, саашьҭыхны Гәдоуҭа сылгеит. Амҩан санцоз сыԥсы назгоит ҳәа сыҟамызт, даара сгәаҟуан. Гәдоуҭа сԥагьы саргьы палатак аҿы ҳашьҭан. Мчыбжьык уа ҳаҟан. Даара нап ҳадыркылеит. Урҭ рыла ҳанхеит, уа ҳрымгазҭгьы ҳаԥсуан ҳара. Аха уа иҟаз анызба нахыс, сара ачымазара ибзиан исхызгеит уҳәар ҟалоит. Уажәы аҩны ҳаҟоуп, аха амакьана ахәшәқәа ажәра ҳаҿуп. Абриҟара шықәса схыёцуеит, абас ахааныз сычмазаҩханы исгәалашәом, хшариуразы ахәышәтәырҭаҿы сышьҭан акәымзар. Абыржәгьы ачымазара агәра зымго хәыҷык ихшыҩ днанамгозар акәхап, џьара умнеироуп, умааироуп, уара иухҟьаны даҽаӡәы изиурхьрызеи, убри иазымхәыцуа шьҭа дыҟоуп ҳәа сыҟам", - ҳәа еиҭалҳәеит Голанӡиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0