00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Дочиаԥҳа лӷьычреи Озган ишьреи рзы азыӡба аԥнахит

© Sputnik / Томас ТхайцукСудейский молоток
Судейский молоток  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аус аӡбарҭатә еилыргара ҿыц азуразы инашьҭуп Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь.

АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Ашьаусқәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа иаԥԥнахит Алхас Ӡиӡариа, Геннади Блаб, Варден Чантуриа, Џьумбер Аҩӡба рганахь ала ахарадҵатә зыӡба. Дара ахара рыдҵан апартиа "Иаку Аԥсны" аполитсовет амаӡаныҟәгаҩ Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Гәдоуҭа инхоз Дмитри Озган ишьреи. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

Аӡбарҭа аӡбрала иара убасгьы иаԥыхуп ақәҵара аус алахәыла Асҭамыр Ӡиӡариа Аԥсны ААР иатәу абахҭаҿы зыԥсҭазаара иалҵыз ишьҭазаара, иԥсра инадҳәаланы.

Иазгәаҭоуп, Алхас Ӡиӡариеи, Генади Блаби, Варден Чантуриеи макьана ибаандцәаны ишаанхо, Џьумбер Аҩӡба, 2020 шықәса жәабран 24 рзы аӡбарҭа азыӡбала иоужьу ихарааамҭа ахьихигахьоу азы ихы дшақәиҭу.

Материалы по делу Дочия и Озган зачитали в суде Абхазии - Sputnik Аҧсны
Дочиаԥҳа лӷьычреи Озган ишьреи рганахь ала азыӡба рыдкылоуп

Апрокуратура хада асаит аҿы иҳәоуп аӡбарҭа аҳәаақәҵа атекст анаиулак ашьҭахь Апрокуратура хада азыӡба ишахашшаауа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҿы.

Ирина Дочиаԥҳа, ԥхынгәы 2 2016 шықәса рзы ирӷьычыз, нанҳәа 17 рзы лхы дақәиҭыртәит хшәаада, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура имҩаԥнагаз аоператив-ԥшааратә усурақәа ирылҵшәаны.

Ирина Дочиаԥҳа 44 мшы даанкыланы дрыман, аԥхьа Аҷандара ақыҭан инхо Џьниаа рыҩнаҭаҿы, нас – Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Аҩӡаа рыҩнаҭаҿы.

Аԥҳәыс лӷьычра иалахәын ҳәа иԥхьаӡоуп: Алхас Ӡиӡариа, Геннади Блаб, Варден Чантуриа, Џьумбер Аҩӡба. Дмитри Озган иакәзаргьы Ирина Дочиаԥҳа лӷьычра далахәылан ҳәа азгәаҭоуп. Аха, 2017 шықәсазы Дмитри Озган дыршьит. Иара ишьра иалахәны иԥхьаӡоуп Асҭамыри Алхаси Ӡиӡариаа Ирина

Дочиаԥҳа лԥарахшәаа ашара мап ахьацәикыз ҳәа ишьоуп.

Дмитри Озган ишьра далахәын ҳәа зыхьӡ ҳәаз Асҭамыр Ӡиӡариа дшьын Дранда абахҭаҿы, 2020 шықәса жәабран 4 ауха.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ ҭҵааны, иаԥҵан аӡбара -медицинатә експертиза, имҩаԥган аоператив-ҭҵааратә уснагӡатәқәа ацәгьа зуз ахаҿы ишьақәыргыларазы.

Жәабран 25 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Мимоза Цәышԥҳа азыӡба лыдылкылеит Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рганахь ала.

Ахара зду рыцәгьаумҭақәа реицҵарала 16 шықәса бахҭала ахгара рықәҵан Алхас Ӡиӡариа, Геннади Блабба – 14 шықәса, Варден Чантуриа – 13 шықәса.

Ажәабжьқәа зегьы
0