Ҩымз рыҩныҵҟа: анаркотикқәа закәаншьаҭада атәыла ралагаларазы ф-шьауск хацыркуп

© Foto / Пресс-служба МВД РАНаркотический рейд
Наркотический рейд  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР аусзуҩцәа имҩаԥырго антинаркотикатә реидқәа азырхоуп Аԥсныҟа анаркотикқәа раагара аԥкразы.

АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Аԥсны ААР 2020 шықәса нанҳәа-цәыббра рзы анаркотикқәа закәаншьаҭада атәыла ралагаларазы ф-шьауск хацдыркит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Адырраҭараҿы ишазгәаҭо ала аус алахәылацәа оперативла ишьақәыргыланы иаанкылоуп. Ҩымз рыла ацәгьоурақәа раарԥшра 27 процент шьақәдыргылеит. Аԥсны ААР аусзуҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәааҟны ҷыдала иазыҟаҵо алақәа рыла игәарҭоит автотранспорт, ззин ыҟам аԥсихотроптә маҭәашьарқәа рыҟазааразы.

Акинологцәа атранспорт аҿы ирыԥшаауеит анаркотикқәеи абџьари. ААР аҿы ишазгәарҭаз ала алақәа анаркотикатә маҭәашьар иахымҟьакәа ирыԥшаауеит афҩала.

"Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аусбарҭеи акинологиатә маҵзуреи, Аԥсны аҳәаахьчаратә отриад рыцырхырааны ААҬ "Ԥсоу" аҿы имҩаԥыргоит апрофилактикатә уснагӡатәқәа Аԥсныҟа анаркотикқәа алазгало ахаҿқәа рышьақәыргыларазы", - иҳәоит УКОН аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ремзик Ҷанба.

Аҳәаа ахысразы аԥкырақәа раангьы имҩаԥысуан аусурақәа анаркотик злоу аҵиаақәа рааӡара аԥырҟәҟәааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0