Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәԥҳа Франциа COVID-19 аҿагыларазы аԥкрақәа реилагаразы: ахараԥса ду иааннакылоит

© Foto / Facebook/Alina AshubaАлина Ашуба
Алина Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Франциа инхо ҳџьынџьуаҩ Алина Ашәԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит атәылаҿы акоронавирус азы иҟоу аҭагылазаашьеи иаԥҵоу аԥкрақәа аус шыруеи ртәы.
Ашәԥҳа Франциа COVID-19 иахҟьаны аԥкрақәа реилагаразы: ахараԥса ҳаракы иааннакылоит

"Ачымазара ҿкы аҩбатәи ацәқәырԥа аларҵәаразы Франциа уажәы Европа атәылақәа зегьы рҟынтә актәи аҭыԥ аанакылоит. Атәыла аиҳабыра аԥкрақәа даара ахшыҩзцара арҭоит, аха уажәы хәажәкырамзазы мшаԥымзазы иҟаз аԥкрақәа реиԥш иӷәӷәаны иҟоуп ҳәа сызҳәом. Ҳахьындәылҵуа зегьынџьара асабрадақәа ҳхазароуп, асааҭ 21 инаркны ашьыжь 6-нӡа аҩны адәылҵра азин ыҟаӡам. Уахынла аус руӡом ақьафурҭақәеи акрыфырҭақәеи. Афранцызцәа ахақәиҭра даара бзиа ирбоит, аԥҟарақәа рықәныҟәарагьы рцәыуадаҩуп, аха иахьатәи аамҭаз еилыркааит адисциплина шаҭаху, уи иагьықәныҟәоит.  Иқәымныҟәо, амҩан иааныркыло раԥхьа ирацәажәоит, ирабжьаргоит ачымазара аҟынтә рхы хылаԥшра арҭар шахәҭоу. Аҩынтә раан ахараԥса рықәырҵоит, 135 евро ршәоит, анаҩс мчыбжьык ашьҭахь еиҭа дааныркылар, ишәоит 1000 евро еиҳаны. Ахараԥса ду иааннакылоит". – ҳәа еиҭалҳәеит Ашәԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0