Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гоԥиа: аԥсшьаҩцәа атур ҿыцқәа рҭахуп, ҳаргьы ирыдаҳгалаша ҳамоуп

© Foto / предоставил Денис ГопияДенис Гопия
Денис Гопия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аныҟәарақәа рымҩаԥгаҩ Денис Гоԥиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аԥсшьаҩцәа рзы ҿыц еиҿыркаауа атурқәа зхылҿиаауа атуристцәа рҭахрақәа шракәу.
Гоԥиа: аԥсшьаҩцәа атур ҿыцқәа рҭахуп, ҳаргьы ирыдаҳгалаша ҳамоуп

"Амандарин аҿалара ианалагалак Урыстәылантә арахь ирацәаҩны аԥсшьаҩцәа аауеит. Иҟоуп атурфирмақәа Аԥсны "амандаринтә тур" ҳәа иахьырбо. Ҳара заа амандаринатә баҳчақәа змоу ҳрацәажәоит аԥсшьаҩцәа ҳаманы ҳашнеиуа ала. Аԥсшьаҩцәа рнапала амандарин ҿырхуеит, агьама рбоит, абаҳчаҿы афотоҭыхымҭақәа ҟарҵоит. Анаҩс урҭ асоциалтә даҟьақәа рҿы иӡырыргоит, уи акыр иацхраауеит Аԥсны аӡбахә аларҵәаразы. Уи збо ҳтәылахь аара иҭаххоит. "Амандаринатә тур" адагьы иҟоуп аџьырмыкьахь игоу аныҟәарақәагьы, ҳмилаҭтә чысқәа: аџьынџьыхәа, алаҳарҩа, аҵәарҩа, ахьырҭиуа аҭыԥқәа рҿы инеиуеит, ирзеиҭаҳҳәоит уи заку. Аԥсшьаҩцәа атур ҿыцқәа рҭахуп, ҳаргьы ирыдаҳгалаша ҳамоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гоԥиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0