"Риҵеи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит

© Sputnik / Томас ТхайцукФутбольный матч между командами "Афон" - "Гагра"
Футбольный матч между командами Афон - Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афиналтә хәмарра аҩбатәи алахәыла деилкаахеит "Афони" "Гагреи" жьҭаара 28 рзы рыхәмарра ашьҭахь.

Актәи афиналбжатә хәмарраан Гәдоуҭатәи «"Риҵа" афинал ахь инеиит, 2:0 ҳәа Очамчыратәи "Ерцахә" иаиааины. Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал мҩаԥысуеит астадион "Динамо" аҿы абҵара акы азы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Афиналбжатә хәмаррахь анеиразы Афон Ҿыц акоманда Цандрыԥшьтәи "Саӡ" ҩынтә иаиааиит: 3:1, 1:3 ҳәа. Гаграа Аҟәатәи "Динамо" ианацыхәмаруаз аиааира ргеит 4:2 ҳәа, нас  2:1 ҳәа иаҵахеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Риҵеи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит
Риҵеи Гагреи ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит - Sputnik Аҧсны
"Риҵеи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит

Жьҭаара 25 рзы ихыркәшахаз ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҟны "Гагра" аԥшьбатәи аҭыԥ ннакылеит, "Афон" – ахәбатәи.

Афиналбжаҿы аԥхьатәи ампыл амба иҭаиршәит "Афон" ахәмарыҩ Давид Аргәын.

Актәи атаим анҵәара 15 минуҭ шагыз гаграа рыхәмарыҩ Даниил Чрыгба ампыл ҭаиршәит. Аамҭақәак ааҵуаны "Афон" ахәмарыҩ Аслан Муцба аҩбатәи ампыл ҭаиршәит. Атаим нҵәеит 2:1 ҳәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Риҵеи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит
Риҵеи Гагреи ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит - Sputnik Аҧсны
"Риҵеи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит

Ахәмарра аҩбатәи ахәҭаҿы "Гагра" ахәмарыҩ Никита Ашәба ампыл ҭаршәны ахәмарра еиҟареитәит.

Гагратәи акоманда алахәыла Асҭамур Ҵышәба минуҭқәак ааҵуаны "Афон" амба ампыл ҭаиршәит - 3:2. Абри ашьҭахь акомандақәа рыҩбагьы изныкымкәа аҽалкаара рылшон, аха ишыҟац инханы иҟан.

Аиԥылара анҵәара минуҭқәак шагыз "Гагра" ахәмарыҩ Никита Ашәба ампыл ҭеиршәит - 4:2 ҳәа аԥыжәара ганы. Абас ала "Гагра" акоманда "Афон" иаԥнагеит.

Аханатә ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа иалахәын: "Нарҭ", "Динамо", "Ерцахә", "Риҵа", "Афон", "Самырзаҟан", "Гагра", "Саӡ".

© Sputnik / Томас Тхайцук"Риҵеи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит
Риҵеи Гагреи ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит - Sputnik Аҧсны
"Риҵеи" "Гагреи" ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афинал ахь инеиит
Ажәабжьқәа зегьы
0