Аԥсны апальмахк дуқәа ԥырхага рмоуит 2020 шықәсазы

© Sputnik / Томас ТхайцукЛечение пальм от долгоносика
Лечение пальм от долгоносика - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхынра алагамҭаз аекологиаз Аҳәынҭеилакы апальмаҵлақәа рыхәышәтәра иалагеит абжыԥынҵахәхәа аҟынтәи.

АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik. Сынтәа зышәара дуу апальмақәа абжыԥынҵахәхәа аҟынтәи ԥырхагак рмоуит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекологиаз Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Апальмақәа апрофилактикатә ус рыдуылан ҩынтәны. Атәыла аиҳабыра аекологцәа иахәҭаны иҟаз ахәшәқәеи апестицидқәеи рыла еиқәнаршәеит. Ахимиатә маҭәашьарқәа араионқәа хәыда-ԥсада ирзеихшан ҳәа иҳәоит Ҷыҭанаа.

Савелий Читанава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷыҭанаа апальмақәа рыхәшәтәра аамҭазы: усҟан аԥкрақәа ҟаларгьы аусурақәа мҩаԥгахоит

"Ҳара апальма жәлабзиақәа роуп зыхәышәтәра мҩаԥаагаз. Макьаназы трахикарпусы ҳәа изышьҭо апальмахкқәа ҳрыламкьысыц. Дара аизҳара ахнраалара рымоуп, рышьҭа шмыӡуа удыруеит", -  иҳәеит иара.

Трахикарпус абыжԥынҵахәхәа рԥырхагам. Иара зчычо егьырҭ апальмахкқәа роуп ҳәа иҳәоит аеколог. Аԥхынра алагамҭаз аекологиаз Аҳәынҭеилакы апальмаҵлақәа рыхәышәтәра иалагеит абжыԥынҵахәхәа аҟынтәи.

"Аҳауа аԥхарра бжьаратәла  +19° ианыҟала инаркны апальмақәа раԥхьатәи рыхәышәтәра мҩаԥаагеит, мызки бжаки рышьҭахь аҽа профилактикатә хәышәтәрак мҩаԥаагеит. Аусурақәа рышьҭахь иаабеит абжы ахыԥхьаӡара акыр ишеиҵахаз. Убри аан агәрагара ҳамам Аԥсны иахьаҵанакуа зегьы иара ықәаагеит ҳәа, убри азы ԥхьаҟагьы аусурақәа мҩаԥгахалоит", - иҳәеит иара.

Убри аан иҳәеит сынтәа уаҳа ахәышәтәра шымҩаԥырымго, аӡынраамҭаз абжы ԥырхага шыҟанамҵо.

Апальмақәа рыхәышәтәра иалагеит 2018 шықәса рзы. Ааигәа ицәырҵыз аладамерикатәи ахьычԥаԥыр акәзар, зынӡа ареспубликазы иҿыцу ԥхасҭаҟаҵаҩуп.

Апальма бжи аладамерикатәи ахьычԥаԥыри ирхырҟьаны 2018 шықәса рыҩныҵҟа Аҟәа 21 пальма хырҟааит, Гагра – 20.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0