COVID-19 Аԥсны: 34-ҩык аҿкы рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ России завершился первый этап испытания вакцины против COVID-19
В России завершился первый этап испытания вакцины против COVID-19  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4160-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2257-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 40-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 232 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 34 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб иара убас иаанацҳаит жьҭаара 30 рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы лыԥсҭазаара дшалҵыз 86 шықәса зхыҵуаз апациент. Лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит жьҭаарамза 17, лыԥсыԥ лагаҩагара акыр илцәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра лыманы. Иақәнагаз атерапиа шлзымҩаԥыргозгьы, жьҭаара 30 рзы лдунеи лыԥсахит.

1942 шықәсазы ииз апациент, иара ареанимациа аҟәша дҭашәеит жьҭараа 15 рзы иԥсыԥ лагаҩагара акыр ицәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра иманы.  Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, жьҭаара 30 рзы иԥсҭазаара далҵит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 133-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 114-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 29-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык, илҩаауп хәҩык апациентцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 62-ҩык апациентцәа. 57-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0