2020 шықәса нҵәаанӡа Гал араион иҟоу агәамсамкаԥсарҭа ҭәуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМусорная свалка в городе Гал
Мусорная свалка в городе Гал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 - 2019 шықәсқәа рзы Аҟәа, Алашарбага араион ауааԥсыра аҿагыларатә акциа анымҩаԥырга ашьҭахь иӡбан абзазаратә црыҵ Аҟәантә Шьашьикәараҟа иргаларц.

АҞӘА, абҵара 2– Sputnik. Гал араион ақыҭа Шьашьикәара иҟоу агәамсамкаԥсарҭа ҭәуеит ари ашықәс нҵәаанӡа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сурам Џьынџьал.

Галтәи агәамсамкаԥсарҭа аусура иалагеит 25 шықәса раԥхьа. Иара ақалақь ҩ-километрак иацәыхароуп, амшын –17 километра. Аполигон еиҳа иазааигәо аҩнқәа иараҟынтә 500 метраа рыбжьоуп.

Сурам Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьал Гал араион агәамсам кажьырҭа аҭыԥ ҿыц аиҿкааразы: имаҷымкәа аԥара аҭаххоит

"Агәамсамкаԥсарҭа иахьаҭыԥу иҟоуп ҳәа узҳәом. Иара иацәыхарамкәа ауаа нхоит, ақалақь иазааигәоуп. Акотлован ари ашықәс нҵәаанӡа иҭәуеит", – иҳәеит иара апроблемаз.

2018 - 2019 шықәсқәа рзы Аҟәа, Алашарбага араион ауааԥсыра аҿагыларатә акциа анымҩаԥырга ашьҭахь иӡбан абзазаратә црыҵ Аҟәантә Шьашьикәараҟа иргаларц.

Ааигәа араион ахада Константин Ԥлиа акомиссиа ҷыда дрыцны асовет аамҭазы ахархәара змаз ажәытә полигон даҭааит. Акомиссиа аҭыԥ ҿыцгьы рыԥшааит. Уи ақалақь хә-километрак иацәыхароуп, ааигәа-сигәа уаҩ дынхом. Аха  агәамсамкажьырҭа ишахәҭоу еиҿкаатәуп. Уи аԥара аҭахуп.

"Аусурақәа рацәаны имҩаԥгатәуп. Акотлован жтәуп. Аԥарагь маҷымкәа иақәхарџьтәуп. Макьаназ аԥаразоужьра ҟазҵо дҳаздырам, аха егьырҭ араионқәа, арахь агәамсам аазго, ҳацымхыраар, Гал араион ахала иалшом. Ҳара иахәҭоу атехникеи аԥареи ҳамам", - иҳәеит Џьынџьал.

Аполигон ҿыц аргыларазы уажәнатә аусурақәа рымҩаԥгара иалагамзар, агәамсам агарҭа ҳмоуа ҳҟалоит ҳәа иҳәеит Сурам Џьынџьал.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0