Очамчыратәи ахәышәтәырҭа аковидтә блок амедицинатә ҩнымаҭәала еиқәыршәоуп

© Foto / Пресс-служба мэра и правительства Москвы / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтроительство инфекционной больницы в ТиНАО
Строительство инфекционной больницы в ТиНАО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа иаарԥшу акоронавирус змоу ауаа рхыԥхьаӡара ԥшьнызқьи бжаки инеиуеит, ргәабзиара ҭышәынтәалахьеит ҩнызқьи бжаки, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 43.

АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа апалатақәа медицинатә ҩнымаҭәала еиқәыршәоуп ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 змоу апациентцәа рзы 450 ҭыԥ рхиоуп Аԥсны

"Атәыла аиҳабыра ахәышәтәырҭазы иаархәеит 20 медицинатә каруаҭ, 20 адақә хәыҷқәа (тумбочки), 50 иарамаҭәа, 20 гәабан, акапельницақәа рзы 20 штатив. Иара убасгьы иахәҭоу зегьы аахәоуп ахәышәтәырҭа акрыфарҭазы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариаԥҳа ишылҳәо ала ацхыраара амедперсонал рџьабаа армариоит, апациентцәа рыхәышәтәра еиҳа иҭышәынтәалоит.

"Арыԥҳачымазара змоу ауаҩы мгәацәаха диазароуп. Уи азы амедицинатә каруаҭқәа акыр иманшәалоуп", - лҳәоит лара.

Кьышьмариаԥҳа иара убасгьы илҳәеит амедицинатә усзуҩцәа уахи-ҽни неиԥшьны руал шынарыгӡо.

"Мышкы ахы-аҵыхәала 30-ҩык рҟынӡа гәаҳҭоит. Ҳколлектив ибзианы еилыркаауеит ауадаҩрақәа иҟоу. Дара есыҽны рыхгьы, рҭаацәагьы ашәарҭара иҭадыргылоит, аха аӡәгьы дгәынқьуа дубом, дасу рус ҟарҵоит", - лҳәоит Кьышьмариаԥҳа.

Дизель-генератор   - Sputnik Аҧсны
Аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа еиԥҟьарада афымцалашара аиулоит

Аминистрра адырра ҟанаҵоит COVID-19 змоу рыдкыларазы араионтә хәышәтәырҭақәа рҿы имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа рзы.

Убас, COVID-пациентцәа рҭыԥ азырхиоуп Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы, Гагреи Очамчыреи рыхәышәтәырҭа хадақәа рҿы, апансионат "Аиҭар" аҿы.

Аиара-ҭыԥ цҵақәа Аԥсны еиҿкаауп атәыла ахада иусдҵеи акоординациатә штаб аӡбреи инақәыршәаны. Гәдоуҭатәи ацентр ахь инарышьҭуа ачымазцәа ӷәӷәақәа роуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0