АҞӘА, абҵара 3 — Sputnik. Идырым џьоукы ашәахьа ауха Вена агәҭа атеракт мҩаԥыргеит. Хҩык ауаа ҭахеит, 15-ҩык ахәрақәа рымоуп. Ақәылара зуыз аӡәы дшьуп егьырҭ бналеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аҩаша ашьыжь ишьақәыргылахеит иршьыз ақәылаҩ ИГИЛ дшалахәылаз. Ацәгьоуцәа мзызс ирымаз макьана ишьақәыргылам. Азинхьчаратә усбарҭақәа ацәгьоуцәа раанкыларазы аоперациа мҩаԥыргоит. Вена ауааԥсыра аҩнқәа ирдәылымҵырц рабжьыргоит.
Австриа аканцлер Себастиан Курц ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит рыҩнқәа ирдәылҵаанӡа шьыжьнаҵы аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа еилыркаарц.
Ахысра аҭыԥ аман аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 20:00 рзы Саитенштеттенгассе аҿы–асинагога иацәыхарамкәа.
Курц иҳәамҭала "антисемиттә мотив аҭыԥ амазар ауеит, атеракт ахьымҩаԥгаз аҭыԥ азхьаԥшра аҭаны".
Вена ауааԥсыра адәахьы идҽылымҵырц ирыҳәеит. Ауаа аресторанқәа рҟны рҽырҵәахит, венатәи аопераҿ зықьҩык рҟынӡа аҽыҵәахра рықәшәеит.
Ишьу атеррорист агәыцәхәхәа змоу ашәақь иман, ауаҩшьҩы имаҟа мулиажуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Вена агәабзиарахьчаратә еидгыла ахада Михаел Биндер иажәақәа рыла, ахәра зауз рҟынтәи быжьҩык аоперациа рызууп.
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа "аҭел ҷыда" аадыртит, адипломатцәа аилкаара иаҿуп иҭахази ихәууи рҟынтәи урыстәылаа ӡәыр дыҟоу дыҟаму.