"Урыстәыла Аихамҩақәа" абилеҭқәа рыҭиразы амаҵзура ҿыц аланагалеит

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие нового ж/д моста через реку Кола
Открытие нового ж/д моста через реку Кола - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амаҵзура ҿыц инақәыршәаны иуҭаху ахырхарҭала иҭацәу аҭыԥ ыҟамзар, ари асистема апассаџьыр иҵанаҳәоит урҭ аныҟало.

АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. "Урыстәыла Аихамҩақәа" аилахәыра (РЖД) адәыӷбақәа рҿы иҭацәу аҭыԥ аҟазаара ҭызҵаауа ахархәага аусура иалагоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аилахәыра апресс-маҵзура адыррақәа рыла.

Пассажиры в вагоне двухэтажного поезда - Sputnik Аҧсны
"Урыстәыла Аихамҩақәа" Адлер ахырхарҭала идмырхынҳәуа абилеҭқәа рыҭира иалагоит

Арҭ адыррақәа цәырҵуеит апассаџьырцәа аӡәы абилеҭ ирхынҳәызар, ма авагон ҿыц ацрарҳәазар ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Амаҵзура ҿыц аусура апринцип иалацәажәо "Урыстәыла Аихамҩақәа" аҿы ирҳәеит,апассаџьыр ианиҭаху арыцхә азы абилеҭ имоузар, ари ахархәагала иҭацәу аҭыԥқәа аныҟало еиликаар ҟалоит.

"Урыстәыла Аихамҩақәа" адыррала апассаџьыр илшоит ииҭаху аҭыԥ (аплацкарт, акупе у.у.е.), ахәԥсатә ҩаӡара уҳәа алихырц. Абилеҭ ҟалар апассаџьыр push-дырра изаарышьҭуеит.

Амаҵзура ҿыц хәыда-ԥсадоуп. "Урыстәыла Аихамҩақәа" аҿы ирҳәеит абилеҭқәа рыхәԥса ԥаралеиԥш бонуслагьы иушәар шауа.

Акоронавирус иахырҟьаны хәажәкырамзазы иаанкылаз Аԥсни Урыстәылеи реихамҩатә еимадара хацыркын нанҳәа 7 рзы. Аныҟәара иалагеит адәыӷбақәа: № 306 Москва - Аҟәа, № 487 Самара - Аҟәа, № 479 (480) Санкт-Петербург - Аҟәа. Атуристтә ретро-дәыӷба "Шәача" жьҭаара 15 азтәи адыррала уи макьанагьы иныҟәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0