Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 114-ҩык инаӡеит

© AFP 2023 / Yasin AkgulТяжелая техника удерживает здание после землетрясения в Измире
Тяжелая техника удерживает здание после землетрясения в Измире  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Змагнитуда 6,6 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла, апровинциа Измир, ахәаша, жьҭаара 30 рзы. Аилабгарақәа рҿы аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа мҩаԥысуеит.

АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 114-ҩык инаӡеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ареспублика аҭагылазаашьа ҷыдақәеи аԥсабаратә рыцҳарақәеи рзы амаҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.

Спасатели на месте разрушенного здания после землетрясения в Измире  - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ашьҭахь: хышықәса зхыҵуаз аӡӷаб хәыҷы деиқәдырхеит

"Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахаз рхыԥхьаӡара 114-ҩык ыҟоуп, аахақәа роуит 1035-ҩык, ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп 137-ҩык. Аилабгарақәа рҿы аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа мҩаԥысуеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Адгьыл анҵысы ашьҭахьгьы аҵысра маҷқәа –афтершокқәа 1713 азгәаҭан.

Ахәашаҽны 6,6 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра аҭыԥ аман Ҭырқәтәыла апровинциа Измир Сеферихисар ақалақь иацәыхарамкәа. Ахыҵхырҭа  — 16,5 километра рҟынӡа Егеитәи амшын аҵа иҵоуп. Иара иахҟьаны амшын аҭра иҭыҵны, амшын иаԥныз амҩадуқәа аӡы рнылеит.

Адгьыл аҵысра рнырит бырзентәылатәи адгьылбжьахақәа рҿгьы.

бгарақәа аҭыԥ рыман абырзен дгьылбжьаха Самос аҿгьы. Уа иҭахеит ҩыџьа ауаа, аахақәа роуит ҩеижәаҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0