Аретро-дәыӷба "Шәача" аӡынразгьы Аԥсныҟа иаалоит

© SputnikПрибытие ретро поезда в Гагру
Прибытие ретро поезда в Гагру  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Роспотребнадзор абжьгарақәа инарықәыршәаны адәыӷба апассаџьырцәа рымҩангара аламҭалаз авагонқәа арзҩыдара иахрыжьуеит.

АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Атуристтә дәыӷба "Шәача", Тҟәаԥси, Шәачеи, Сириуси Аԥсни еимаздо аӡынра аамҭазгьы Аԥсныҟа иныҟәалоит ҳәа аанацҳауеит Вести Сочи.

Новый туристический поезд Сочи - Sputnik Аҧсны
Аретро-дәыӷба "Шәача" Аԥсныҟа иаалоит аԥхаррақәа рышьҭахьгьы

Аретро-дәыӷба Тҟәаԥсынтәи Гаграҟа иаауеит. Актәи ареис мҩаԥган нанҳәа 15, 2020 шықәсазы.

Адәыӷба аҩаша ада есыҽны иныҟәоит, ашьыжь асааҭ 08:00 рзы идәықәлоит, Гагрантәи иқәҵуеит асааҭ 19:00 рзы.

Адәыӷба иацраҳәоуп акупе-вагонқәа, азеиԥш вагонқәа, аплацкарттә вагонқәа. Урҭ зегьы асовет аамҭа астиль ала еиқәыршәоуп, аха иахьатәи аамҭа иақәшәо алшарақәа амоуп: аҳауархьшәашәагақәа, арозеткақәа, usb-портқәа, амобилтә ҭелқәа раҿаҵарҭақәа.

Роспотребнадзор абжьгарақәа инарықәыршәаны адәыӷба апассаџьырцәа рымҩангара аламҭалаз авагонқәа арзҩыдара иахрыжьуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0