Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанааԥҳа ашәыр рҩа иазкны

© Foto / предоставлено Ниной ЧитанаваНина Читанава
Нина Читанава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачадара ақыҭан инхо Нина Ҷыҭанааԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аӡын хәы ҳәа ҭагалантәи ашәырқәа ирылхны аԥсуаа ирымаз ахаа-мыхаақәа лан илыҟаҵамҭан илдыруа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанааԥҳа ашәыр рҩа иазкны

"Ахәырмақәа ҳамоуп хәбаҟа шьаҭа. Сынтәа амармалташьтә пты маҷын азы, ԥырхага анамҭеит. Иҿаҳхит. Иҳарҩеит ҳхазы. Иаҳҭиӡом, ус аҩназы ҳәа ауп акәымзар. Ахәырмарҩара маӡас иаҵоу ҳәа издыруа маҷуп, аха сан илҳәоны исаҳахьеит аамҭа уақәшәароуп ҳәа. Амармалташьтә пты анаԥырхагаха ицәырԥсаны икнауҳауа ахәырма иҿыбганы икаҳауеит. Жьҭаарамза ашоура анырацәам, аха аԥша аныҟоу аамҭа бзиоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ахәырма аԥша аҵасуазароуп. Сгәылацәагьы аҭиразы иаҿу иазгәарҭоит, жьҭаара амза иара иатәуп ҳәа. Сан иара убас бзиа илбоит аҵәарҩа. Есышықәса лнапала иҟалҵоит, илырҩоит. Сынтәа илхәыцит, анкьа ландуцәа ишыҟарҵалоз еиԥш, аҵәарҩа ақалмышь иҭылшьит, аџьынџьыхәа алылхит. Цәгьала ихаауп. Сынтәа убри лгәалашәан иҟалҵеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҷыҭанааԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0