Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара

© Foto / Наала ГумбаОсень в Абхазии. Урожай в селе Лыхны
Осень в Абхазии. Урожай в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лыхны ақыҭан инхо Инга Наӡаӡе-Сақаниа лура-ҭагала шылԥыло ҳзеиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.

Ҭагалан Аԥсны даҽа аамҭанык иаламҩашьо иҟоуп. Анхацәа рџьабаа зцу, бзабааны ирԥыланы ианҭаргало еиӷьу иҟоузеи! Ҩныцыԥхьаӡа алҩаҵә ҩеиуеит, ақыҭа ԥсҭазаара еилашуеит. Улымҳа инҭаҩуеит аихабжьы, аџьықәреи, аҟәыд ҭазгало дубап, аԥҳә ҿазҳәо, аҭәа еиқәызҵо уҳәа.

Натела Джинджолия-Джопуа, село Бабушера - Sputnik Аҧсны
Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Аӡын ааира иазыԥшу ақыҭанхаҩцәа рыбзазашьа, рыԥсҭазаашьа џьоушьартә иҟоуп. Ирыԥх-рыԥхны ихшьуп ахәырмарҩа, аҵәарҩа, ааигәа аҩыӡла иӡааршьыз аџьынџьыхә цыр-цыруа афҩы лаҳа-лаҳауа аҳауа иалоуп. Ана-ара аҳәсҭақәа рыҟны аҟәараш еиԥш ишьҭоу аҟабқәа убла нарықәшәоит. Ахәырма, ажь, аӡынҵәа еишәхашьшьыла абаҳча иҭагылоуп. Аӡын асыԥса анауа еиԥш, абыӷьқәа уажәы-уашьҭан икаԥсоит, аԥша еимнадоит. Ажәакала, быӷькаԥсан ссируп аԥсуа қыҭаҟны.

© Foto / Наала ГумбаЛыхны ақыҭа, Сақаниаа рынхара
Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара - Sputnik Аҧсны
Лыхны ақыҭа, Сақаниаа рынхара

Лыхны ақыҭа инхо Наӡаӡе-Сақаниа Инга акыр шықәса ақыҭа ԥсҭазаара дадҳәалоуп. Аԥшәмаԥҳәыс лашҭа уанынҭало иаразнак иуныруеит шаҟа аџьабаа ацны, бзиа ибаны анхара дшазыҟоу. Лашҭа иқәуп ашәишәи, акәты, аҟызқәа уҳәа аҩнатә ԥсаатәқәа.

© Foto / Наала ГумбаИнга Наӡаӡеи-Сақаниа лпырпыл рыԥхрақәа
Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара - Sputnik Аҧсны
Инга Наӡаӡеи-Сақаниа лпырпыл рыԥхрақәа

Хкы-хкыла ихҩаны илызгылоуп ашәырӡқәа, еиуеиԥшым ашәыр қалмышьқәа, анаша, апырпыл рҵәқәа уҳәа аӡын гьамала иуфаша зегьы.

© Foto / Наала ГумбаИнга Наӡаӡе-Сақаниа иалыркыз аӡынхәы
Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара - Sputnik Аҧсны
Инга Наӡаӡе-Сақаниа иалыркыз аӡынхәы

Луҭраҭых аҟны афҩы лаҳа-лаҳауа иҭагылоуп акама, араҳана, еиҭаҳауп ахәыл, апырпыл, амшәмаахыр ҟаԥшьӡа улаԥш нақәшәоит, аҟабқәа.

© Foto / Наала ГумбаИнга Наӡаӡе-Сақаниа ҭагалан ҩаԥхьа лымшәмаахыр ҟалеит
Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара - Sputnik Аҧсны
Инга Наӡаӡе-Сақаниа ҭагалан ҩаԥхьа лымшәмаахыр ҟалеит

Ууамашәа иубаша – аԥсуа ҭаҭын шәҭны ауҭра иҭагылоуп. Аԥшәмаԥҳәыс лажәақәа рыла, аҭаҭын егьырҭ ауҭраҭых ианалазҳауа ачымазарақәа ирцәынахьчоит.

© Foto / Наала ГумбаИнга Наӡаӡе-Сақаниа ҭагалантәи луҭра
Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара - Sputnik Аҧсны
Инга Наӡаӡе-Сақаниа ҭагалантәи луҭра

Наӡаӡе-Сақаниа Инга ақыҭаҟны ацәгьа-абзиа аан еснагь аԥхьа игылоу, изызҵаауа, имҩақәызҵо ԥҳәысуп. Афатәҟаҵара аганахьала илзымдыруа ҳәа акагьы ыҟаӡам. Аԥсуа чыс уамакала ихааны гьамала иҟалҵоит. Лымш иалагоит ашьыжь шаанӡа.

"Аԥхын асааҭ ԥшьба рзы сгылоит. Аа-хык рҟынӡа арахә схьоит, еилсыргоит, крырҿаҵаны сгьежьуеит. Санааилак, сыхш раӡаны инақәыргыланы, сыкәҷышь-сшәишәи рахь сҿынасхоит. Иҟауҵарызеи, ақыҭаҟны уанынха, умаашьароуп, еснагь еилашуа ақыҭа ԥсҭазаара уалахәызароуп", – лҳәоит аԥшәмаԥҳәыс.

Лпырпыл рыԥхрақәа еиврыԥхха ихшьуп, ахәырмарҩа, аҵәарҩа, ажәакала аԥшәмаԥҳәыс акала деиҵаханы дубом.

© Foto / Наала ГумбаИнга Наӡаӡе-Сақаниа лпырпыл рыԥхрақәа
Ԥшшәыхкы рацәала иҩычоу аԥсабара: игәазырҳагоу ҭагалантәи аԥсҭазаара - Sputnik Аҧсны
Инга Наӡаӡе-Сақаниа лпырпыл рыԥхрақәа

Абзиа уақәгәыӷ, аха ацәгьагьы уазыԥшыз. Сынтәатәи ҭагалан иаҳнарбеит, даҽа аамҭак иаламҩашьо махәҿыла анхаҩцәа аус шыруыз. Избан акәзар ҳазҭагылоу аамҭа мариаӡам, уаҵәтәи амш иаҳзаанаго ҳаздырӡом. Ауаҩы фатәы-жәтәыла деиқәшәазароуп еснагь. Ақыҭаҟны уанынха, уи аҩыза алшара ануоу, адгьыл ишақәнаго аус адуулар, агәахәара умазар, умаашьар, уџьабаа бзабааны иуԥылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0