Зхабар ыӡыз Аҟәатәи аҭыԥҳа Москва дырбеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Москве с 7 ноября водителям запретят проезд по всем выделенным полосам
В Москве с 7 ноября водителям запретят проезд по всем выделенным полосам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәаф-шықәса зхыҵуаз Аҟәа инхо Дариа Пархоменко абҵара 6 рзы аҩнынтәи дцеит, Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа дахысит, уинахыс лыӡбахә ыҟамызт.

АҞӘА, абҵара 9  – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәаф-шықәса зхыҵуаз Аҟәа инхо Дариа Пархоменко Москва дырбеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҭаацәа рҩыза Маиа Зыхәԥҳа.

"Раԥхьа иргыланы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп асоциалтә ҳақәа рҿы адгылара ҳазҭаз ауаа. Урҭ рҩызцәа, рдырцәа рыцхырааралоуп аӡӷаб Москва лыԥшаара шыҟалаз", - лҳәеит лара.

Дариа Пархоменко лдырҩык аҭел дылзасны ацхыраара даҳәеит, илҳәеит Москва дшыҟоу.

"Аҭел дыззасыз иаразнакы лҭаацәа адырра рылҭеит. Лара лхаҭа Даша ҳаиԥылап ҳәа лалҳәеит. Ҳара иара убри аамҭазы Москва иаадыруаз зегьы аҭел ҳарзасит. Иара убасгьы адырра раҳҭеит Краснодартәи атәылаҿацәтә полициа москватәи рколлегацәа рыҽрыдҳәаланы аӡӷаб дахьнеиуа аҭыԥ ахь  инеирц", - еиҭалҳәоит Маиа Зыхәԥҳа.

Дарья Пархоменко - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР: зыԥшаара иаҿыз аҭыԥҳа ҭелла лҭаацәа рыҽрымалдеит

Уажәы Дариа Пархоменко Москва дыҟоуп, лҭаацәа иаарласны уахь иԥырраны иҟоуп.

Абҵара 9 рзы Дариа Пархоменко, абҵара 6 рзы аахыс зхабар ыҟамыз лҭаацәа аҭел дырзасит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР аҿы.

Жәаф-шықәса зхыҵуаз Аҟәа инхо Дариа Пархоменко абҵара 6 рзы аҩнынтәи дцеит, Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа дахысит, уинахыс лыӡбахә ыҟамызт.

Уаанӡа аӡӷаб лан лаҳәшьа Иана Усенко Sputnik иазеиҭалҳәахьан аӡӷаб лҭаацәа рыԥҳа лпаспорт шыҟамыз анырба ашьҭахь лани лаби аурыс-аԥсуа ҳәаахь ицеит. Уа аҳәаахьчаҩцәа ииасуаз рсиала ирарҳәеит аӡӷаб аҳәаа асааҭ 14:55 рзы дахысит ҳәа. Лара аҳәаа лхала дахысит. Ауаажәларратә транспорт дақәтәеит. Азинхьчаратә усбарҭақәа лықәра наӡамызт азы аҭаацәа рырзаҳал иаразнакы ирыдыркылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0