"Сгәаанагарала, ауаҩы иуал анынаигӡалак анаҩс –днаскьароуп, уи ашьҭахь даҽа шьоукы ааироуп, ԥхьаҟа иргароуп. Сгәы иаанагоит ҩышықәсеи бжаки рыла атеатр аҩныҵаҟа уҳәансҳәанқәа рацәаны иҟоуп, аха уи аҟны ауп иахьаанхо, избанзар иҟаз ачымазара "схәышәтәит" ҳәа ауп. Аус зур зҭаху- ируоит, аамҭагьы уи унарбоит, сара сцара саара акгьы аанагаӡом. Саиаанӡа аусура зҭахымыз, санцалакгьы ируӡом, избанзар изышьҭоу даҽакуп. Егьырахь, аҩызцәа атеатр бзиа избо, аус здыруа еидыскылеит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Ҷанба.
Иара иазгәеиҭеит акультуратә хәышҭаарақәа рҟны ихадоу адиректорцәа ракәӡам ҳәа. Ҷанба еихьӡара дуны иԥхьаӡоит Аԥсуа театр ахь усура дахьыхынҳәыз арежиссиор Адгәыр Ақаҩба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Нодар Ҷанба: аԥсуа музыкала имаҷҩым ҳдоуҳа абеиара еилызкааз