Апарламент адепутатцәа абиуџьеттә шьақәгылашьа аиҭакразы рыбжьы рҭиит

© Sputnik / Томас ТхайцукПарламент Абхазии
Парламент Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абиуџьет ашьақәгылашьеи абиуџьеттә процесси реиҭакра иазԥхьагәарҭоит Аԥсны аҵакыраҿы акассатә плани абиуџьеттә хыдҵақәеи разгәаҭара.

АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы рҭиит "Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьеттә шьақәгылашьеи абиуџьеттә процесси рышьаҭақәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы.

Азакәан апроект рыдигалеит афинансқәа рминистр Владимир Делба. Иара иажәақәа рыла, аԥсахрақәа алагалахоит атәыла абиуџьеттә система аиӷьтәразы.

"Аԥарақәа рхархәара ахырхарҭа хадақәа рышьақәырӷәӷәара адҳәалоуп аныхрақәа хра рыманы рыҟаҵара, аԥарақәа рхархәашьа ахылаԥшра арӷәӷәара. Уи адагьы апроект иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны аҵакыраҿы акассатә плани абиуџьеттә хыдҵақәеи разгәаҭара", - иҳәеит Делба.

Иара иазгәеиҭеит ари аҿыцра ишалнаршо иааиуа ашықәсқәа рзы абиуџьет арбагақәа еиҳа инарҭбааны, инҭырҳәцааны реиҿкаара.

"Иахьазы Афинансқәа рминистрраҟны аусурақәа цоит, азакәан ҳадаҳкылар аус шауша ахәшьара аҳҭоит. Арахь иаҵанакуеит абиуџьеттә ԥарақәа рынагӡаҩцәеи урҭ зауеи. Иара убасгьы абиуџьет аныхрақәа еиҳа еилыкка иубартә ишьақәнаргылоит", - иҳәеит аминистр.

Владимир Делба иазгәеиҭеит аус зуа азакәанԥҵара абиуџьеттә хыдҵақәа аанарԥшуеит, аха абиуџьет аҳасаббара азгәанаҭом ҳәа.

Парламент проголосовал за ратификацию соглашения о софинансировании МВД - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР аицԥаразоужьразы Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра Апарламент аратификациа азнауит

Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит аппарат аҭышәныртәаларагьы. Арахь иаҵаркхоит аӡбарҭатә усбарҭақәа реиԥш иҟоу асубиектқәагьы.

"Иахьатәи ҳзакәанԥҵара аӡбарҭатә усбарҭақәа амчратә усбарҭақәа реиԥш азинмчра рнаҭом. Аӡбарҭатә усбарҭақәа иара убасгьы абиуџьет иадминистраторцәоуп, Аминистрцәа реилазаара Аппарат абиуџьет иадминистраторуп. Ари апроцедура еиҳа иҭышәынтәаланы абиуџьеттә системахь алагалақәа ахылаԥшра рнаҭоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Делба.

Апроект иара убасгьы Аминистрцәа реилазаара арезервтә фонд ахархәара еиҳа еилнаргоит ҳәа иҳәеит Владимир Делба. Уажәтәи аредакциаҿы иара аус ауӡом.

"Аԥсабаратә рыцҳарақәа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раԥыхра иазырхоуп афонд. Иара харҭәаатәуп, избанзар арҭ аҭагылазаашьақәа еснагь аҭыԥ рымоуп. Ахәҭаҷ аҿы иануп ахархәара аԥҟара Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылоит ҳәа. Еиҳа иконкреттәхоит, азинтә норма шьақәгылоит. Сгәы иаанагоит ари азакәан аиҳабыра арезервтә фонд аԥарақәа рхархәараан азинтә ҭагылазаашьа аҳәаақәҵаразы амчра рнаҭоит", - ҳәа иҳәеит Делба.

Абиуџьет азы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Натали Смырԥҳа иазгәалҭеит арҭ иахәҭоу еиҭакрақәоуп ҳәа.

Адепутатцәа актәии аҩбатәии ахыркәшаратә ԥхьарақәа рыла рыбжьы рҭиит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0