АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 271 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 53 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 105-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 89-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 33-ҩык, илҩаауп 9-ҩык апациентцәа.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 32-а апациентцәа, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 32-ҩык апациентцәа. 28-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
- Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>