Ареформақәа рымҩала: иӡыргоуп апрограмма "Аԥсны аԥеиԥш"

© SputnikПрограмма реформ "Будущее Абхазии" была разработана финалистами конкурса "Гордость Абхазии"
Программа реформ Будущее Абхазии была разработана финалистами конкурса Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареформақәа рыпрограмма "Аԥсны аԥеиԥш" аус адырулеит аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" афиналистцәа Урыстәыла афинансқәа рминистрра аҭҵаарадырратә институт ацхыраарала.

АҞӘА, абҵара 13 – Sputnik. Аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" аҟны аиааира згаз Саид Беиа иӡыригеит астратегиатә программа "Аԥсны аԥеиԥш". Абри атәы аанацҳауеит асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" асаит.

Онлайн пособие по Апсуара - Sputnik Аҧсны
"Аԥсны агәадура" аиааирагаҩцәа руаӡәк Аԥсуара аҵаразы онлаин-цхыраагӡа аԥиҵеит

Беиа еиҭеиҳәеит ареформақәа рыпрограмма аус шадырулаз аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" афиналистцәа Урыстәыла афинансқәа рминистрра аҭҵаарадырратә институт ацхыраарала.

Иара иазгәеиҭеит аиндаҭлара аихшьаалақәа анрыларҳәа ашьҭахь афиналистцәа аусура нап шадыркыз, ишалацәажәоз аԥеиԥш змоу аидеиақәа еидызкыло иаку аконцепциа аус адулара атәы.

"Ҳара хықәкы хадас иҳамоу ҳауаажәлар ҳаԥсҭазаара еиҭазкыр зылшо хра змоу ауснагӡатәқәа рыдгалароуп. Убри инадҳәаланы иалаҳкааит аус хадақәа: атәылаҿ ареформақәа аус рыдулареи аус рыруреи, аҿар амчрахь рнагара, ринтересқәа рыхьчара, аинформациатә технологиақәа раларҵәара, иара убасгьы аҳәынҭқарратә напхгараҭараҿы акыр рылшоны", - иҳәеит Беиа.

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аус рыдулоуп Аԥсны асоциал-економикатәи ауаажәларратәи ҿиара алзыршо, атәылаҿ асоциал-политикатә ҭагылазаашьа ҭышәынзыртәало ауснагӡатәқәа ркомплекс ҳәа иҳәеит иара.

Астамур Кутарба - Sputnik Аҧсны
"Аԥсны агәадура" афинал ахь инеиз Асҭамыр Қәҭарба Александр Анқәаб иабжьгаҩс дҟалеит

Саид Беиа иажәақәа рыла, атәыла аҿиара иаԥырхагоуп анапхгареи ауаажәларреи реинырра алзыршо аинститутқәа рыҟамзаара, аиҳабыра рҿы зымҽхак ҭбаау акоррупциа, акриминогентә ҭагылазаашьа, ашәшьыра иҵаркуа бизнес уҳәа егьырҭгьы.

Иара убасгьы иҳәеит асоциалтәи аекономикатәи проблемақәа ишрыцу аполитикатә проблемагьы.

Апрограмма азырхоуп адунеи азы Аԥсны аартра, уи азы аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа атехнологиақәа раԥҵара ацхыраара ҳәа иҳәеит Беиа.

Апрограмма ахырхарҭақәа ируакуп анагӡаратә мчра рнапхгаҩцәа, араионқәа рхадацәа иаартны аҳасабырбақәа рырҟаҵара. Саид Беиа иазгәеиҭеит ареформақәа рыпрограмма ишазԥхьагәанаҭо аҳәынҭмаҵзурақәа рыҭаразы иаку ахырхарҭарацәатә центр аԥҵара.

Уи адагьы "Аԥсны аԥеиԥш" аҵак ду анаҭоит жәларбжьаратәи амедиапроект "Abkhazia – Land of Soul" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иазку авидео-роликқәа рыцхыраарала атәыла еиҳа инарҭбааны ауаа дырбара.

Учебник Анбан - Sputnik Аҧсны
Ҩышықәса рыла абызшәа аҵара: "Аԥсны агәадура" афиналист Гал апроект шымҩаԥиго

Саид Беиа иазгәеиҭеит атәыла аҿиаразы ишхымԥадатәиу ареспубликахь аинвестициақәа радԥхьаларазы аҭагылазаашьақәа раԥҵара, еиҿкаау ацәгьоура аҿагыларазы азакәан аԥҵара.

"Аинвестициақәа радԥхьаларазы Аԥсны ахада иинвестициатә офисқәа раԥҵара ахәҭоуп еиуеиԥшым атәылақәа рҿы. Инвестофисқәа русзуҩцәа – анаплакыҩцәа, адипломатцәа, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩцәа ахада иеиҭозароуп, даргьы русуразы иара иҿаԥхьа аҳасабрбара ҟарҵозароуп", - иҳәеит иара.

Уи адагьы ареформа апрограмма иаднагалоит "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿар рполитиказы" азакәан иалагалазарц есышықәса аԥхьагылацәа ҿарацәа реиндаҭлара "Аԥсны агәадура" амҩаԥгара, уи аҿы  аиааиҩцәа аҳәынҭқарратә маҵзурахьы радԥхьалара.

Апрограмма аԥҵаҩцәа иара убасгьы иавымсит аҭаацәара азҵаарақәа рылацәажәара, урҭ альготатә кредитқәа рыҭаразы алшарақәа рыдыргалоит.

Победитель конкурса «Гордость Абхазии» Алмахсит Осия займется поддержкой малого и среднего бизнеса в Абхазии, и школой молодежного предпринимательства в АГУ - Sputnik Аҧсны
"Аԥсны агәадура" афинал ахь инеиз афинансқәа рминистр ицхырааҩс дҟарҵеит

Ареформақәа рыпрограмма иалагалоуп ареспубликаҿы IT-парк аԥҵаразы апункт. Апарк иаусдҵақәоу иреиуоуп иҷыдоу арҵаратә программақәа рымҩаԥгара, анапхгараҭаратә школ апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны анаплакыҩцәа, анапхгаҩцәа разыҟаҵаразы акурсқәа раԥҵара, жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Ракадемиеи Сколково абизнес-школ апрофессорцәеи рлекциақәа рымҩаԥгара. Иара убасгьы иазԥхьагәаҭоуп аҟыбаҩ злоу ахәыҷқәа рзы аҵаратә программақәа раԥҵара.

Иазԥхьагәаҭоуп абизнес маҷи абжьаратә бизнеси акредит рыҭараан, иаҳҳәап ақыҭанхамҩаз, альготақәа рзаԥҵара (10-15% шықәсыктәи акредитқәа), анаплакыҩцәа ҿарацәа р-IT-стартапқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара.

Уи адагьы ареформақәа рпрограммаҿ иазгәаҭоуп абизнес маҷи абжьаратә бизнеси, Урыстәыла аҳәынҭқарратә корпорациақәа рхаҭарнакцәа, аҭҵаарадырратәи астартап-коллективқәеи рзы аофисқәа рыргылара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0