Аԥсны аҩыза хада: Путини Бжьаниеи реиԥылара шымҩаԥысыз

Анапаҵаҩра
Аԥшьаша абҵара 12 рзы Шәача имҩаԥысит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Владимир Путини реиԥылара. Ахадацәа реиҿцәажәара хсааҭк инарзынаԥшуа ицон.

Аслан Бжьаниа аиԥылара ашьҭахь ишиҳәаз ала, Путини иареи реиԥылара "ҳтәылазы, ҳастратегиатә партниори ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рзы хәарҭара алоуп" ҳәа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит дара инарҭбааны ишрылацәажәаз ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа реиԥш аҩганк рҭахрақәа ирықәшәо еиуеиԥшымыз егьырҭ азҵаарақәагьы.

2008 шықәса, нанҳәа 26 рзы Урыстәыла ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра шазхеиҵо азы. 2008 шықәса цәыббра 9 рзы ишьақәыргылан адипломатиатә еизыҟазаашьақәа.

Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа, Урыстәыла хәдықәҵара ҟанаҵеит ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасаб ала Аԥсны аҟазаара, аԥсуа жәлар рҭынч ԥсҭазаара ишадгылаҩу азы. Аиҳабырабжьаратә еизыҟазаашьақәа аҿиаара рымоуп аиҩазареи астратегиатә партниорреи рышьаҭала.

Аиқәшаҳаҭра-зинтә база иаҵанакуеит шәкы инареиҳаны ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа, убрахь иалоуп 2008 шықәса цәыббра 17 рзы напы зҵаҩыз Аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭреи 2014 шықәса абҵара 24 рзы напы зҵаҩыз Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы аиқәшаҳаҭреи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0