Иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Ҭеимураз Ачыгәба

© SputnikТеймураз Ачугба
Теймураз Ачугба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәак рыҩнуҵҟа Ҭеимураз Ачыгәба акоронавирустә инфекциа иманы Гәдоуҭатәи агоспиталь дҭан.

АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Ҭеимураз Ачыгәба акоронавирустә чымазара иманы иԥсҭазаара далҵит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Аслан Аҩӡба.

"Аԥсуа ҭоурыхҭҵаара, ҳаҭҵаарадырра зегьы аиԥш, ацәыӡ ду аиуит. Ҭеимураз Али-иԥа XIX-XX ашәышықәсақәа рызтәи Аԥсны аетнографиеи аҭоурыхи русхк аҟны иналукааша ҵарауаҩын. Инапы иҵижьхьан аҩымҭа хатәрақәа", - иҳәеит аҵарауаҩ.

Аҵарауаҩ илшамҭақәа инарылукаауа иҟоуп амонографиа "XIX-XX ашәышықәсақәа раан аԥсуаа ретникатә ҭоурых", Аԥсны аҵакыраҿы аҭыԥ змаз аетникатә еиҭакрақәа зегьы инарҵауланы иаазырԥшуа.

Аԥсуа милаҭтә конференциа - Sputnik Аҧсны
Аҳәатәи аҳәашьеи: имҩаԥысит Аԥсуа милаҭтә конференциа

"Ари аусумҭаҿы инарҭбаааны иазгәаҭоуп Аԥсны аԥсуаа рхыԥхьаӡара аиҵахара апроцесс. Иара даара игәы иҵхон иԥсадгьыли ижәлари рлахьынҵа", - ҳәа азгәеиҭоит Аҩӡба.

Ачыгәба ҩынтәны, 1996, 2007 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс далырххьан.

Иара иаԥшьгарала Апарламент иаднакылеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала агеноцид шымҩаԥнагоз азы ақәҵара ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Сынтәа иҭыҵит ашәҟәы "Аԥсуаа ргеноцид", Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура архивтә дыррақәа шьаҭас иаҭаны.

"Ҭеимураз Али-иԥа иԥсҭазаара зегьы зызкыз аԥсуа жәлар рхала рыҿиара азҵаара акәын, Ачыгәба дазҿлымҳан аԥсуа ҭаацәара, ауаажәларра рыбзазара, аетнодемографиатәи, аетнокультуратәи аетнополитикатәи процессқәа, ақырҭуа-аԥсуа еимакы", - ҳәа азгәеиҭоит Аҩӡба.

Ҭеимураз Ачыгәба Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә ҵысра далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" (1988–1992) анапхгара далахәылан, раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ифонд аиҳабы дихаҭыԥуаҩын, ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара (2005).

Ҭеимураз Ачыгәба – аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор (2011), Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент (2011), Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик (2014) иԥсҭазаара далҵит абҵара 16 рзы, 74 шықәса дшырҭагылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0