Аҟәа иреиӷьу асахьаҭыхыҩ далыркааит

© Sputnik / Леон Адлейба Конкурса "Лучший художник года".
Конкурса Лучший художник года. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы ацәыргақәҵа "Ашықәс азы иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ахь иалхын хынҩажәижәаба рҟынӡа усумҭа.

АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа асахьаҭыхцәа рцәыргақәҵатә Зал хадаҿы имҩаԥган ацәыргақәҵа "Ашықәс азы иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" аихшьаалақәа.

2020-шықәсазы  актәи аҭыԥ еиҩыршеит асахьаҭыхыҩцәа Виссарион Ҵәыџьбеи Руслан Габлиеи – Руслан Габлиа иусумҭа "Ҭагалан", Виссарион Ҵәыџьба иусумҭа "Далаа рахыҵра" (ацикл "Аԥсилаа").

"Аусумҭа амҳаџьырра иазкуп. Асеиԥш ихьанҭоу атема асахьаҭыхратә ҟазараҿы ахархәара уадаҩуп. Акомпазициа агәҭаҿы дарбоуп амаҟаи аҟамеи зымӷыху ахаҵа. Уи иаанаго ақәԥара даҟәыҵт ауп. Аха иара ишьҭахьҟа иубарҭоуп ишьамхымгылаз аибашьцәа. Асахьаҿ сара иасырбеит акәакәар. Сгәанала аԥсуа рыҩнқәа ианырхыҵуаз анцәарныҳәара ҟамҵакәа ицомызт. Гәыӷрак рымамкәа иҟаларымызт", - еиҭеиҳәоит Виссарион Ҵәыџьба.

© Sputnik / Леон Адлейба Аҟәа иреиӷьу асахьаҭыхыҩ далыркааит
Аҟәа иреиӷьу асахьаҭыхыҩ далыркааит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иреиӷьу асахьаҭыхыҩ далыркааит

Аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит асахьаҭыхыҩ Диана Хынҭәԥҳа ("Анеиааира"). Ахԥатәи аҭыԥ еиҩыршеит Адриан Амԥари Сандро Жеткари.

Асахьаҭыхыҩцәа аҳамҭақәа рнаҭеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество. Иалкаан асахьаҭыхыҩцәа: Игорь Панченкои Витали Қацәбеи.

Ацәыргақәҵатә зал адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит аусумҭақәа еиуеиԥшым ажанрқәеи астильқәеи ишрыҵаркуаз.

© Sputnik / Леон Адлейба Аҟәа иреиӷьу асахьаҭыхыҩ далыркааит
Аҟәа иреиӷьу асахьаҭыхыҩ далыркааит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иреиӷьу асахьаҭыхыҩ далыркааит

"Ҳкультуратә ԥсҭазаараҿы ари хҭысуп. Сынтәа ацәыргақәҵа аартра иарку аформат ала имҩаԥган. Уаҵәы инаркны ахәаԥшцәа раҭаара ҟалоит. Агәахәара ду снаҭоит ҳатрадициақәа ахьеиқәҳархаз", - лҳәеит лара.

2020 шықәсазы ацәыргақәҵа "Ашықәс азы иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ахь иалхын хынҩажәижәаба рҟынӡа усумҭа. Ахәаԥшцәа рзы иаартхоит абҵара 20 инаркны. Аҭааҩцәа зегьы асабардақәа рҿазароуп, аамҭак ала 15-ҩык иреиҳамзароуп азал аҿы иҟало рхыԥхьаӡара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0