Уахыки-ҽнаки рыла ҩынтә: алашара арцәара иркьаҿу аграфик

Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа афымцалашара арцәара аграфик дыркьаҿуеит 2020 шықәса абҵара 21 инаркны.

Уи инақәыршәаны афымцалашара дырцәалоит уахыки-ҽнаки рыла ҩынтә ҩба-ҩба сааҭ. Уаанӡа Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит абҵара 15 инаркны. Усҟан
алашара дырцәалон уахыки-ҽнаки рыла хынтә.

Аграфик ҿыц инақәыршәаны афымцарцәара аамҭа:

Аҟәеи Аҟәа араиони мраҭашәаратәи рыхәҭа, Гәдоуҭа араион мрагыларатәи ахәҭа, Очамчыреи Тҟәарчали рраионқәа, Бзыԥҭа аҳабла - асааҭ 08.00 - 10.00, 17.00 - 19.00 рзы.

Аҟәа агәи мрагыларатәи ахәҭеи, Аҟәа араион мрагыларатәи ахәҭа, Гәдоуҭа араион мраҭашәаратәи ахәҭа, Алаҳаӡы ақыҭа, Гәылрыԥшь араион - асааҭ 10.00 - 12.00, 19.00 - 21.00 рзы.

Гагра араион, Пицунда, Гал араион, Аҟәа агәы ахәҭак - асааҭ 12.00 - 14.00, 21.00 - 23.00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0