Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Еныкьԥҳа Џьырхәатәи ашкол аспортзал иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЕник Гунда
Еник Гунда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьырхәатәи ахарҭәаам ашкол адиректор Гәында Еныкьԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсуа-абаза конгресс ацхырааарала ақыҭатәи ашкол аҿы аспортзал аҟаҵаразы ицо аусурақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Еныкьԥҳа Џьырхәатәи ашкол аспортзал иазкны

"Ҳашкол даара ацхыраара аҭахуп, ус еиԥш араион аҿы даҽак ыҟоуп ҳәа сыҟам. Ахәыҷқәа ақыҭа ашкол иҭамлакәа, Гәдоуҭа ақалақь ахь ицоит, избанзар, уа анаҩс дара еиҭа аспорт ахь иныҟәоит. Ҳара ҳашкол аҿы иҟам алшара ус еиԥш, ахәыҷқәа ашколнҭыҵ аспорт рхы азыркыртә еиԥш. Ахәыҷқәа ҳашкол адԥхьаларазы исымаз сыгәҭакқәа зегьы Аԥсуа-абаза конгресс амаӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба идызгалеит, аспортзал аҟаҵаразы ацхыраара ҳаурцаз. Аҭыԥ данахәаԥш, мап имкит, амала, аргыларатә маҭәахәқәа рыла ҳаиқәиршәаргьы, аусузҩцәа ҳхала иадаҳгалар акәын. Аҭаацәатә комитет алаҳәара рзыҟасҵеит ашкол згәы ацԥыҳәо еизартә еиԥш. Даара иџьасшьеит ашкол ашҭа иамкуа ауаа анеиза. 15 мшы ирылагӡаны, ахаҳә ҭыбганы иахьыҟаз аҭыԥ аҿы абацәа, абдуцәа 20-ҩык рҟынӡа ақыҭауаа ааны ианыцхыраауаз убарын, ахаҳә ҭарыԥсеит, аҭӡамцқәа ршьыхит", - ҳәа еиҭалҳәеит Енықьԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0