"Акультурақәа иаасрыхуа исцәымцхәны иаласҵо исымоуп афеихоа, амандарина, апатырқал, араса. Амала араса ҩба-ҳпа шықәса ҳаргәамҵуеит афҩыгарақәа рцәырҵра иахҟьаны. Амандаринагьы алимонгьы сынтәа ибзиоуп. Афеихоа соуеит хар амамкәа, жәаба-жәеиза тонна рҟынӡа, амандарина - жәаба-жәаҩа тонна, алимон - фба-ааба тонна, араса тоннак инацны. Ҳзыхьӡартә еиԥш иҟоу абри ауп, уаҳа иацысҵандаз ҳәа сыҟам", - иҳәеит Ҭыжәба.
Зашҭа–згәара акыр напы адкыланы измоу анхаҩы Витали Ҭыжәба ауаҩы инхара ирԥшӡароуп ҳәа азгәеиҭеит.
"Ауаҩы аҩн ду зизмыргылеи, инхара иҵегьы изацимҵеи ҳәа сиқәымӡбацт, сыгәгьы иҭасымкыцт ус, аха иашҭа-игәара иҵегьы изимырԥшӡои ҳәа агәаанагара сымоуп, избанзар Аԥсынтәыла еиҭауҳалак ауеит. Ақыҭаҟны иагьа уааԥсаны уаныҟоу, уашҭа уанаақәыԥшлак, уааԥсара зегьы ухгоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Ҭыжәба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: