Даҽа ҩымз: COVID-19 аҿагыларазы аԥкра ҿыцқәа

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәылаҿы акоронавирустә чымазара ҿкы аламырҵәаразы иназыцҵоу аԥкрақәа ралагаларазы жьҭаара 13 рзы иҟаиҵахьаз адҵа аиҭакрақәа алеигалеит абҵара 25 рзы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусдҵа инапы аҵеиҩит. Уи инақәыршәаны аԥкырақәа рыҿҳәара инахахоит 2021 шықәса ажьырныҳәа 12 рҟынӡа.

Аусдҵа ҿыц инақәыршәаны ареспубликаҿы 2021 шықәса ажьырныҳәа 12 рҟынӡа азин ыҟам:

  • Ашколқәраҟынӡатәии азеиԥшҵаратәи еиҿкаарақәа русура урҭ реиҿкаара-зинтә формеи рхатәтәратә формеи ирыхьмырԥшыкәа;
  • Амассатә спорттә, агәмырҿыӷьгатә, ацәыргақәҵатә уснагӡатәқәа иарку аҭыԥқәа рҿы рымҩаԥгара;
  • Акультуратә усҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатәи залқәа) русура;
  • Афитнес-центрқәа, атренажиортә залқәа, аӡсарҭатәбассеинқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа русура;
  • Арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа русура;
  • Акомпиутортә залқәа, абоулингқәа, ахәыҷтәы хәмарырҭатә центрқәа, егьырҭ аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа;

Ауааԥсыра ирабжьгоуп ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан ахыхьчаратә хархәагақәа ах рархәара, аԥсрақәеи аԥсхәрақәеи ирылахәу ауааԥсыра рхыԥхьаӡара рырмаҷра, аныҳәақәа раан акульттә обиектқәа (аҵакырақәа) рҟны ауаа рырмаҷра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0